Ишдыру еиҧш, сынтәа, ааҧынразы Аҟәа имҩаҧган Аҧсны алитераторцәа ҿарацәа Актәи рсеминар. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала еиҿкааз ари аусмҩаҧгатә ҳтәыла араионқәа рҟнытә алитературахь раҧхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо 8-11-тәи аклассқәа рҵаҩцәеи астудентцәеи злахәыз аиқәшәара азҿлымҳара бзиа аиуит.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла хшыҩзышьҭра азнауеит аҿар рааӡара, амҩа иаша рықәҵара, уи ақәыҧшцәа арҿиара агәацҧыҳәара рнаҭоит. Раҧхьатәи асеминар ашьҭахь иазыӡбан Аҟәа ақалақьи ҳтәыла егьырҭ араионқәа рҟны хазы-хазы асеминарқәа рымҩаҧгара, аҿар рҩымҭақәа реилыргара, ирыгу-ирыбзоу алацәажәара. Ихацыркын Аҟәа ақалақь ашколхәыҷқәа рыла. Убас Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи 4-тәи абжьаратәи ашкол аҟны еизган, Аҟәатәи 4-тәи ашкол еиҧш, 5-тәи, 10-тәи ашколқәа рҟнытә аҵаҩцәа.
Иазгәаҭатәуп, уажәазы ашколхәыҷқәа зыҧхьаз ажәеинралақәа еиҳа ишеиӷьхаз, сахьаркырала ишеибыҭоу. Аҿар рхаҭақәа алитература бзиа ишырбо ҩашьом.
Асеминар амҩаҧгаразы аҧшьбатәи ашкол ахь имҩахыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу, апоетцәа Терент Ҷаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә. Ашколхәыҷқәа реиҧш, асеминар ахь инеит аҧшьбатәи ашкол аиҳабы Нонна Ломиа, аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Лариса Хаҳәбиа, Аҟәатәи 5-тәи абжьаратәи ашкол арҵаҩы Ламара Тураа уҳәа егьырҭгьы.
Аҧхьа ажәа рыман Н. Лакоба ихьӡ зху 10-тәи абжьаратәи Ашьхаруаа ршкол аҵаҩцәа. 9-тәи акласс аҵаҩы Денис Чачхалиа даҧхьеит иажәеинраала «Сара сбызшәа» уҳәа егьырҭгьы. 9-тәи акласс аҵаҩы Соломон Кьышьмариа иакәзар, - «Аҵла ҧшӡа», !Аҵла амаӡа!.
Е. А. Ешба ихьӡ зху 5-тәи абжьаратәи ашкол 9-тәи акласс аҵаҩы Милана Чагәаа дрыҧхьеит лажәеинраалақәа: «Аҧсны», «Сан лажәа».
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху 4-тәи абжьаратәи ашкол аҟнытә - 6-тәи «б» акласс аҵаҩы Аманда Амҷба лажәеинраалақәа ирыхьӡын: «Схатәы бызшәа», «Аибашьра», 6-тәи «а» акласс аҟны итәоу Леон Шьоууа иакәзар, - «Аҧсынтәыла», «Сара сбызшәа», «Амра» «Ажәҵыс», 5-тәи «б» акласс аҵаҩы Наала Бжьаниа – «Асы», «Аҧсынтәыла», «Сашьа Данаҭ». 11-тәи «а» акласс аҵаҩы Хьыбла Шьынқәба – «Саҧсуоуп сара».
Апоетцәа Терент Ҷаниа, Вахтанг Аҧҳазоу, Заира Ҭҳаиҵыкә ашколхәыҷқәа досу дзыҧхьаз иажәеинраалақәа ирыхцәажәон, еилдыргон, рзеиӷьашьарақәа аадырҧшуан. Алитературатә ҩымҭақәа раҧҵаразы, ҳәарада, зегьы ирыцкуп ахатәы бызшәа иамоу абеиара агәылаҧшразы ирацәаны аҧхьара. Ҵабыргны, иубартә иҟан аҿар рхатәы бызшәа ацқьара ишацклаҧшуа, еилыхха иҟоу асахьақәа, ахшыҩҵакқәа рцәыргара ишақәшәо. Абарҭқәа рганахьала ирыбжьаргаз рацәоуп ажәа азҟазацәа.
Арҵаҩцәа рахьтә Нонна Ломиа, Лариса Хаҳәбиа, Ламара Тураа рықәгыларақәа раан иазгәарҭеит, алитературатә кружокқәа рышколқәа рҟны иахьеиҿкаау хәарҭара шалоу. Аҿари рырҵаҩцәеи акружокқәа рҟны гәаартыла еицәажәоит, ргәаанагара еибырҳәоит, уброуп иахьцәырҵуа зхатә ҩымҭақәа аҧызҵазгьы. Иаҧшьгоу асеминарқәа еиҳагьы ицхыраагӡоуп абаҩхатәра ҿацқәа ралҧшааразы. Инеизакны наҟ-наҟ абас аимадара бзиа анрыбжьала иаҧсоу аҿар рааӡараҿы алагала бзиа шыҟарҵо еибырҳәон апоетцәеи арҵаҩцәеи. Хымҧада, уи зегьы уаҵәтәи ҳҧеиҧш змадоу еиҵагыло абиҧарақәа рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы ихәарҭаны, иҵоураны реизҳараҿы иааӡагоуп, имҩақәҵагоуп, амилаҭтә доуҳатә культура аҿиара амҩагьы ианызаауеит.
Асеминар иалахәыз зегьы агәахәара бзиа рзыннажьит. Аҿар ирабжьаган рҩымҭақәа иҵегьы аус рыдуланы ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь инаргарц, иаҧсоу алҧшааны ахь амҩа шазылырхуа рымӡеит.


