29.12.2025
2024 ш. Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ихьӡ зху апремиа аиуразы аконкурс рыланаҳәеит х-номинациак (апоезиа, аҭҵаарадырра, апублицистика) рыла.
Ааигәа иаԥҵаз ажиури аконкурс ахь инашьҭыз арҿиамҭақәеи аусумҭақәеи ирыхәаԥшит, егьалнакааит ԥшьҩык.
Аноминациа "Апоезиа" аҟны далкаауп апоет, апрозаик Анатоли Лагәлаа.
"Аҭҵаарадырра" аноминациаҿы иаиааит ҩыџьа: алитератураҭҵааҩы Диана Аџьынџьал, асахьаҭыхҩы Ельвира Арсалиа.
"Апублицистика" аноминациа ала апремиа ианашьоуп апоет, апублицист Вахтанг Аԥҳазоу.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә апремиа занашьоу Ашықәса ҿыц рыдныҳәалауа раԥхьаҟа еиҳау аихьӡарақәа рзеиӷьаршьоит.


