Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА АҞНЫТӘ АДНЫҲӘАЛАРА





Ҳаҭыр зқәу Заира Шьалуа-иԥҳа!

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә гәык-ҧсыкала ибыдаҳныҳәалоит 60 ш. бхыҵра аиубилеи!

Абаҩхатәра злоу апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ алитературахь мышьҭабзиала бшьаҿа еихыбгеижьҭеи қәҿиарала адоуҳатә культура амаҵ буеит. Аԥсуа кьыԥхь аҟны быхьӡ рдырижьҭеи акыр ҵуеит. Зпоезиа ҭышәынтәалахьоу арҿиаҩы бхатәы мҩа бануп.  Бҩымҭақәа ҳлитератураҿы рхатә ҭыԥ  ааныркылоит, рхатә стиль, рхатә ҟазшьа рымоуп. Зымаҵ буа алирика ласуп, бажәеинраалақәа еиҵыхцәамкәа, игәылыршәоу ахшыҩҵак ҵаулақәа рыла еибаркуп, Аԥсны аԥсабара ԥшӡеи, Аԥсадгьыл абзиабареи, ҳажәлар ргәеисыбжьи, бхатә дунеихәаԥшреи ирхылҵит, бхатә бжьы ргәылыҩуеит. Изызкызаалакгьы, гәыла-ԥсыла ҳажәлар рдоуҳа иазааигәоуп. Зегьы бхатәы блала брыхәаԥшуеит, бхатә дунеи аҟәырҷахақәа рхьыгӡоуп, рҿахәы нагӡаны ирҳәоит. Апоезиаҿы ари акырӡа аҵанакуеит.

Аԥсуа қыҭа Арасаӡыхь ииз, иааӡаз, 1983 ш. рзы А.М. Чочуа ихьӡ зху Аӡҩыбжьатәи абжьаратә школ иалгаз, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа бызшәеи алитературеи рзанааҭ ала бҵара аныхбыркәша аамҭазы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ҵысит. Амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь аҿы гәыҧҩык аҧсуа журналистцәа рыбзоурала иҭыҵуаз агазеҭ «Абжьыуаа» ахатә корреспонднтс быҟан. Аибашьра иааирала ианеилга ашьҭахь Аҧсны Аҵара аминистрраҿы аусура хацбыркит (1994). 2011ш. раахыс Аҧсны аҵара аминистрра арҵага шәҟәқәа рҭыжьырҭа аусбарҭа аредактор хадас быҟоуп. 2005–2024 шш. раан аамҭакала Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультант лнапынҵақәа набыгӡон, ҷыдала алитераторцәа ҿарацәа аус рыдыбулон. Урҭ рҩымҭақәа еидызкыло Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьхьоу аизга «Ашацкыра» (ԥшь-шәҟәык ҭыҵхьеит) хаҭала еиқәбыршәон, акьыԥхь иазбырхион.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2003), Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2023),  Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи (2016) ирылоу апоетесса иааиԥмырҟьаӡакәа бҩымҭақәа апериодикатә кьыԥхь ианылоит, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыҵхьоу аизгақәа иргәылоуп.  Урҭ иреиуоуп «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Бҩымҭақәа жәпакы агәылоуп иара убас «Аҧсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).

Алитературатә ԥсҭазаара еихьӡарала бахьалахәу ҳасаб азуны 2024 ш. Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы быхҵоуп.  Ибанашьоуп Аҧсны Аиааира 20 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы иаҧҵаз амедал. Иара убас Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи ажурнал «Алашареи» рпремиақәа банашьоуп.

Аԥсышәала Аҟәа иҭыҵхьеит ажәеинраалақәеи, ажәабжьқәеи, аминиатиурақәеи, афоризмқәеи уҳәа еидызкыло бышәҟәқәа:  «Ааҧынра схьымӡар…»; «Снеилап сҟазшьала»; Жәҩангәашәҧхьара»; «Агәыӷрақәа рҳәааҿ»; Разҟымҩала»; «Абырфын рахәыцқәа»; «Бжьышьхак ршаеҵәа»; Ашәымҭақәа» уҳәа егьырҭгьы. Бажәеинраалақәа рыхәҭак аурысшәахь еиҭаганы, Аԥсны еиԥш, Урыстәылатәи ажурналқәеи агазеҭқәеи ирнылахьеит, еиҭагоуп   иара убас аерман бызшәа ашҟа.

Абарҭқәа зегьы ишьақәдырӷәӷәоит аханатә аӡәы ҳәа быжәлар бышрылагылоу, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҭаацәара ду бшалахәу. Ԥхьаҟагьы еиҳау ақәҿиарақәа бымазааит.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла