14.05.2020
Аԥсуа жәлари Аԥсуа Ҳәынҭқарреи аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагыла аԥхьагылара зылшаз, згәы меиҭаԥаз жәлар рԥыза ихьӡ хашҭра ақәымкәа аҭоурых аҟны иаанхоит. Ҳаамҭазтәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсадгьыл ахьчараан зыжәлар АИААИРАХЬ икылзгаз, аҿиара амҩа ианызҵаз, аԥеиԥш лаша ашҟа рымҩа ылызхыз, рыԥсадгьыл агәадура рыманы рхы иақәгәыӷуа рмилаҭ хдырра ашьҭыхра иацхрааз, ари адунеи аҟны аԥсуаа аҳәынҭқарра зырҭаху ахеиқәырхаразы шакәу агәрагара рызҭаз аԥыза иԥсҭазаареи иуаажәларратәи иҳәынҭқарратәи усуреи ҿырԥшыганы иаанхароуп еиҵагыло абиԥарақәа рзы. Усҟан ауп ахеиқәырхарагьы анрылшо. Хашҭра иқәымзааит жәлар рԥыза! Нагӡара ақәзааит АԤСУА ҲӘЫНҬҚАРРА!


