Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ ПЛАТОН БЕБИА ДИИЖЬҬЕИ 90 ШЫҚӘСА ҴИТ





Апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ Платон Хәамҧа-иҧа Бебиа диит (05. 10. 1935) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, (иԥсҭазаара далҵит — 26. 09. 2021).

СССР-и (1965), Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла,  Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы ианашьан Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа (2007, Р. Биорнс иажәеинраалақәа реизга аиҭага азы), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара. Аԥсны жәлар рпоет ҳәа ахьӡ ихҵан (2020).

Ԥшьышықәса аҵара иҵон Џьгьардатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга,  абжьаратә ҵара хиркәшеит Тамшьтәи  ашкол аҟны. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит (1959), иара убас А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт (1968). Аус иуан агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Амцабз» рредакциақәа рҟны. Уи нахыс акыр шықәса аус иуит ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны редакторс, аиҳабы ихаҭыҧуаҩс, аредактор хадас (1979) ш. инаркны), ашәҟәҭыжьырҭа аиҳабыс.

Ажәеинраалақәа иҩуа далагеит жәохә шықәса анихыҵуаз инаркны. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1952 ш. нахыс. Иҩымҭақәа рнылон еиуеиҧшым аколлективтә еизгақәа, ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Звезда», «Наш современник», «Молодая гвардия»; агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Бзыҧ», «Еҵәаџьаа», «Советская Абхазия», «Литературная газета», «Литературная Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа егьырҭгьы.

Авторс дрымоуп хыҧхьаӡарарацәала ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа,  ажәабжьқәа, иара убас ароманқәа «Ашьацҳәа», «Ақьачақьцәа», «Ахаҳәраҳа». Апоет иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» аҩбатәи атом (Аҟәа-Москва, 2001; аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009).

Ҩеижәихәба инареиҳаны ажәеинраалақәа, абалладақәа, апоемақәа, ажәабжьқәа  реизгақәеи  ароманқәеи ҭижьхьеит.

П. Бебиа иҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, аукраин, аерман уҳәа егьырҭ абызшәақәа рахь. Аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьуп иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, ипрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа жәпакы.

П. Бебиа дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы, аҧсшәахь еиҭеигеит А.С. Пушкин, Р. Биорнс, С.А. Есенин, Г. Лорка, Н. Ҳиқьмеҭ, Л. Украинка, С.В. Михалков, Е.А. Евтушенко,  Ҟ. Ш. Кулиев, Џь. Ҟ. Лаҩыцә уҳәа ражәеинраалақәа, Ч.Т. Аитматов иажәабжьқәа «Аиқәшәара», «Аибашьҩы иҧа» уҳәа егьырҭгьы.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа иҭижьит: аҧсышәала: Ацәқәырҧақәа.  1959; Алирика. (Ажәеинраалақәеи апоемақәеи). 1961; Аеҵәақәа. Ажәеинраалақәа. 1965; Аҳәыҳәқәа. Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәа. 1966; Ицәоу аӡиас. Ажәеинраалақәа. 1969; Амра аҿы аӡәӡәоит. Ажәабжьқәа. 1971; Ахьы уардын. Ажәеинраалақәа.  1973; Адгьыл амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. 1975; Аӷба шкәакәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 1977; Ацәаҟәа. Ановеллақәа. 1978; Агәҭыха. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. 1979; Ашьацҳәа. Ароман. 1981; Амш хьамҧш. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. 1983; Ақәранҵыра. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи.1985; Ацҳаражәҳәаҩ. Ановеллақәа. 1987; Ақьачақьцәа. Ароман. 1989; Аҳәымца. Ажәеинраалақәеи апоемақәеи. 1991; Мықә. Ақыҭазы агәыҵхажәа. 1992; Иҩымҭақәа. Быжь-томкны.  1995-2008;  Иҩымҭақәа. Ԥшь-томкны. 2010; Аӡын ҿымҭи ааҧын ҿыхеи. Аповестқәа. 2012; Ахаҳәраҳа. Иажәеинраалоу ароман. 2013; Уа мшыбзиа, амш бзиа! Ахәыҷқәа рзы. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Алакәқәа. Ажәабжьқәа. Аиҭагақәа. 2015; аурысшәахь аиҭагақәа: Спящая река. Стихи и поэма. М., 1981; Радуга. Рассказы. (Для младшего школьного возраста). М., 1982; И катится золотая арба. Роман. М., 1989.