08.05.2026
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа шықәсык ҵит. Иуаажәлар дрыԥхеит зхатә дунеи ду иаԥшәымаз иналукааша ашәҟәыҩҩы.
Алықьса Гогәуа илитературатә ҭынха еиԥш, игәалашәара амырӡра иамадоу ауснагӡатәқәа ирыцҵахоит. Игәалашәара хашҭра ақәымзааит.
Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа диит (15.03.1932) Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа Аџьамҧазра аҳабла (иԥсҭазаара далҵит – 7.05.2025). СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1959), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан. Адыгатәи (Ачерқьестәи) Жәларбжьаратәи Академиа ҳаҭыр зқәу алахәыла, Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет ҳаҭыр зқәу апрофессор. Ианашьоуп Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара. Дыҩуан аҧсышәала, лассы-лассы аурысшәала икьыҧхьуан астатиақәеи аессеқәеи.
Абжьаратәи ашкол даналга аус иуан Тҟәарчалтәи ашахтаусбарҭақәа руак аҟны, ашьҭахь – Тҟәарчалтәи ацентртә рбеиагатә фабрика атехникатә хлаҧшра аҟәшаҿы. 1951 ш. дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аурыс бызшәеи алитературеи рфакультет. 1955-1960шш. раан аҵара иҵон Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны. Аус иуан ажурнал «Алашара» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс (1962 ш. инаркны), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор еиҳабыс, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас (1975-1989), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс (1989-1997). Аҧсны жәлар рфорум «Аидгылара» раҧхьатәи ахантәаҩыс дыҟан (1988-1989). Уи акырӡа алнаршеит аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧараҿы. 1988-1991 шш. раан СССР жәлар рдепутатс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа рыҭаразы акомиссиа дахантәаҩуп. Аҧсуа литература цҳаражәҳәаҩра азиуан Урыстәылеи аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҟны: Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны дыҟан Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа рделегациа даланы (1992): ПЕН-клуб аганахьала ашәҟәыҩҩцәа жәларбжьаратәи рконгрессқәа делегатк иаҳасабала дрылахәын Минск (1986), Хельсенки (1988), Москва (2002).
А. Гогәуа даныхәыҷыз инаркны изҳауан жәлар рҳәамҭақәа ахьеиҭарҳәоз аҭаацәараҿы, иаб ажәабжьҳәаҩын, алакәтәи, аепикатәи, абзазаратәи, алирикатәи ҵакы змаз жәлар рҳәамҭақәа бзианы идыруан. Ари аҭагылазаашьа шьахәла ицхрааит ашәҟәыҩҩы ишьақәгылараан, заа ажәа абзиабара иланааӡеит. Убарҭ ашықәсқәа раан ауп аҩра агәаҳәара аниоуз, асахьаркыратә литература даназҿлымҳахаз.
Раҧхьаӡа иикьыҧхьыз иажәеинраала «Агеолог» («Аҧсны ҟаҧшь», 1949) ауп. Раҧхьатәи иажәабжьқәа руак кьыҧхьын 1955 ш. ажурнал «Алашара» №2 аҟны, №4 аҟны акәзар – ианылеит иажәеинраала.
А. Гогәуа авторс дрымоуп хыҧхьаӡарарацәала ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, адраматургиатә рҿиамҭақәа.
А. Гогәуа ирҿиараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит апублицистика. Иочеркқәа, истатиақәа, иессеқәа рызкуп аҧсуа жәлар рхатәы бызшәеи, рҭоурыхи, ркультуреи, еиҳаракгьы – аполитикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи рызҵаарақәа, амилаҭтә литература еиуеиҧшым апроблемақәа. Урҭ апериодикатә кьыҧхьын ианылеит аҧсышәалеи урысшәалеи хазы иҭыҵыз ашәҟәқәа рҟны («Аҟәа- Сухум, Сухум – Аҟәа», «Глагол», «Постскриптум»).
Ашәҟәыҩҩы ирҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа: «Алашара», «Амцабз», «Дружба народов», «Студенческий меридиан», «Сельская молодежь», «Советская женщина», Урыстәыла иҭыҵуа егьырҭ аҭыжьымҭақәа маҷымкәа; агазеҭқәа: «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», «Литературная газета» (Москва), «Еҵәаџьаа», «Республика Абхазия»; алитературатә еизгақәа «Ерцахә», «Кавкасиони», «Южный Кавказ» уҳәа егьырҭгьы.
А. Гогәуа иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәеи еиҭаргахьеит аурысшәеи ҧыхьатәи Асовет Еидгыла ажәларқәа акыр рбызшәақәеи рахь, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.
А. Гогәуа аҧсшәахь еиҭеигеит Ф. М. Достоевски, А. П. Платонов, К. А. Федин, Карло Коллоди, Ернест Хемингуеи уҳәа рырҿиамҭақәа.
Иҭыҵхьеит 30 инареиҳаны ишәҟәқәа, урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк (2006-2007), иара убас аурысшәахь аиҭагақәа: Река спешит к морю. Повести и рассказы. М., 1960; Вкус воды. Повести и рассказы. М., 1974; Время оленьего зова. Повести и рассказы. М., 1981; За семью камнями. Повести и рассказы. М., 1984; Дикая азалия. Повести и рассказы. М., 1989; Асду [Большой снег]. Роман-рапсодия. Сухум, 2002; Постскриптум. Статьи. Интервью. Заметки. Сухум, 2008; Произведения. Роман, повести и рассказы: В 2-х томах. Сухум, 2009–2010.


