Аҧсуа поет Геннади Аламиа ианашьоуп Нафи Џьусоиҭы ихьӡ зху Амилаҭтә литературатә премиа
Жәытә-натә аахыс зҭоурых акырџьара еиларсу аҧсуааи ауаҧсааи рлитература уаназааҭгыло, зегь раҧхьаӡа ухаҿы имааирц залшом Нарҭаа репос. Ишдыру еиҧш, уи Кавказ ажәларқәа жәпаҩык еицырзеиҧшны иҿиаз фольклортә баҟоуп: азқьышықәсақәа раҧхьа ҳажәларқәа реиҿцаара, реинырра иабзоураны, ҿаҧыцла мацара инеимда-ааимдо иахьанӡа иааргеит, дасу рхатәы милаҭтә цәаҩеи рҷыдарақәеи еиқәырханы. Ҳажәларқәа рҭоурых адаҟьақәа реихысырҭақәеи урҭ рфольклор аишьашәаларақәеи машәырла иҟалаз акакәым. Ажәақәа «Аҧсуаа», «Ауаҧсаа» аагозар, формала еихаршалоу ажәақәоуп. Аха уи акәым уажәы аус злоу.
Ҳажәларқәа доуҳала еизааигәазтәуа, риашьаратә жәҩахыр зырӷәӷәо, реигәныҩра ацҳақәа еимаздо хҭыс дуны иҟалеит ааигәа апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа Уаҧстәыла жәлар рышәҟәыҩҩы Нафи Џьусоиҭы ихьӡ зху Амилаҭтә литературатә премиа ахьианаршьаз. Апоет уи даҧсахеит ауаҧс литература ашьаҭаркҩы Косҭа Хьеҭагуров иажәеинраалақәа реизга «Ирон фандыр») қәҿиарала аҧсшәахь иахьеиҭеигаз азы. Апремиа анашьара ацеремониа мҩаҧысит ҳазну ашықәс октиабр 12 рзы Цхинвал, Аахыҵ-Уаҧстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аҿы. Иазгәаҭатәуп, мызқәак раҧхьа ари аиҭага азы Геннади Аламиа иара убасгьы ишианашьаз Нхыҵ-Уаҧстәыла аҳәынҭқарратә ҳамҭа – амедал «Уаҧстәыла азы» («Во славу Осетии»).
«Сара еснагь сгәы азыҳәон ауаҧс литература ашьаҭаркҩы Косҭа Хьеҭагуров ирҿиамҭақәа аҧсшәахь реиҭагара. Избан акәзар хаҭарала, дунеихәаҧшрала, доуҳала, ирҿиамҭақәа рфилософиатә ҵакы угозаргьы, Косҭа Хьеҭагуров аҧсуа литература абду Дырмит Гәлиа дахьиеиҧшқәаз акыр ирацәан», – иазгәеиҭоит Геннади Аламиа.
«Ирон фандыр», аҧсышәала – «Ауаҧс ҧхьарца», ари аизга аҧсшәахь аиҭагара Геннади Аламиа напаиркит иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы, иагьҭыжьын хаз шәҟәны 1984 шықәсазы, Косҭа Хьеҭагуров диижьҭеи 125 шықәса аҵра инақәыршәаны. Аха аибашьра аламҭалазтәи аамҭа хьанҭеи, уи иацыз ахынҭаҩынҭарақәеи, нас аибашьреи ирыхҟьаны алитературатә ҧсҭазаараҿы нырра дук азыҟамҵеит. Аиҭага автор иажәақәа рыла, 30 шықәса ирылагӡаны аамҭа акыр аҽеиҭанакит, ҳажәларқәа агәаҟра дуқәа рыхганы, ҩаҧхьа аҭынч ҧсҭазаара иазыхынҳәит. Ҳаиашьара акәзар, еиҳагьы иӡрыжәхеит, иӷәӷәахеит. Убри аҟынтә, 30 шықәса рнаҩс Геннади Аламиа ҩаҧхьа дырзыхынҳәуеит Косҭа Хьеҭагуров ирҿиамҭақәа. «Ауаҧс ҧхьарца» аҧсшәахь аиҭага деиҭахәаҧшны, иагыз-иабзаз рҽеины, хәҭақәак зынӡа ҿыцны еиҭаганы еиҭаҭижьуеит 2014 шықәсазы, ҩ-бызшәак рыла – ауаҧси аҧсуеи бызшәақәа рыла еиваргыланы.
1899 шықәсазы иҭыҵыз ауаҧс поезиа ашедеврқәа ируаку «Ирон фандыр» аҿы автор иааирҧшуеит ижәлар гәакьа рахь имаз абзиабара, урҭ рлахьынҵа азхәыцра. Абраҟа иумбарц залшом Геннади Аламиа урҭ ацәаныррақәа аҧсышәала раарҧшра ссиршәа ишиқәҿиаз. Иара илшеит аоригинал злаҩу абызшәа иаҵоу амузыка аиқәырхара. Иазгәаҭатәуп, ари аизга ишаднаҧхьалахьаз иара убасгьы аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аурыс поетцәагьы. Урҭ иреиуоуп А.Ахматова, Н.Заболоцки, Н.Тихонов уҳәа реиҧш иҟаз ажәа азҟазацәа дуқәа. Урҭгьы шьахәла ирылдыршахьан «Ауаҧс ҧхьарца» иагәылоу аҩымҭақәа Пушкин ибызшәала рырцәажәара. Иахьатәи аамҭазы урҭ еиҭагоуп аиталиан, афранцыз уҳәа еиуеиҧшым егьырҭ абызшәақәа рахьгьы.
Геннади Аламиа «Ирон фандыр» аҧсшәахь еиҭеигеит Уаҧстәыла жәлар рышәҟәыҩҩы Нафи Џьусоиҭы урысшәала изыҟаиҵаз цәаҳәалатәи аиҭага ихы иархәаны.
«Ҩынҩажәи жәабаҟа шықәса раҧхьа, Москва, Алитературатә институт азеиҧшнхарҭаҿы ҳаицыҩнан уа аҵара зҵоз аҧсуааи ауаҧсааи. Курск аҿы дҳацтәан Нафи Џьусоиҭы иашьеиҵбы Ҭаимураз Хаџьеҭы. Убраҟа ауп раҧхьаӡа ҳахьеибадырыз Нафи Џьусоиҭыи сареи. Уи дреиуоуп Дырмит Гәлиеи Баграт Шьынқәбеи реиҧш иҟаз ҳаҧсуа поетцәа дуқәа рҩымҭақәа ауаҧс бызшәала изырцәажәаз. Сыгәгьы иаанагомызт, арҭ ахатәрақәа раҳаракыра аҟынтәи хаҭала саргьы сырҿиамҭақәа илаҧш аҿы иааиуеит ҳәа. Нафи еиҭеигеит сҩымҭа «Ауаҧс ашәа» зыхьӡу ацикл, иагькьыҧхьын ажурналқәа руак аҿы, нас аизгагьы ианылеит. Абас иҟалеит Нафи Џьусоиҭыи сареи ҳаибадырра, – игәалаиршәоит Геннади Аламиа. – «Ирон фандыр» аиҭагара напасыркит, аха ауаҧс бызшәа сыздырӡомызт. Убасҟан Нафи аклассикатә формала исзыҟаиҵаз цәаҳәалатәи аиҭага схы иасырхәеит», – иҳәоит иара.
Косҭа Хьеҭагуров – даҽаӡәы иламҩашьо, зхатәы стильтә ҷыдарақәа змоу апоет-лирик – ирҿиамҭақәа ус унарыдыххыланы реиҭагара, иҟалап, игәаӷьуацәазар. Сгәы иаанагоит, аиҭага авторгьы изымариамызт ҳәа уи напаркра. Аха ҳажәлар рҭоурыхтә лахьынҵақәа реишьашәалара, Косҭа Хьеҭагурови Дырмит Гәлиеи ашәа ззырҳәоз ахақәиҭра аидеиа азҿгәыҳәаареи, уи иацу ахьаа ҩнуҵҟала анырреи уҳәа ицхраауазар, иҵгәозар акәхарын Геннади Аламиа игәҭакы анагӡараҿы.
«Ирон фандыр» аҧсшәахь «Ауаҧс ҧхьарца» ҳәа еиҭазгеит. Ҳажәларқәа лахьынҵала ишеиҧшу еиҧш, гәҭыхаҳәагас, гәырҩахҽыгас ишьҭырхыз амузыкатә рҳәагақәа афандыри аҧхьарцеи еиҿартәышьала, бжьгашьалагьы еиҧшымзар ауазма!», – иазгәеиҭоит Геннади Аламиа.
Ҿырҧшыс иаазгар сҭахуп Косҭа Хьеҭагуров иажәеинраалақәа руак:
Суҳәоит саҭоумҵарц, – сашәа
Лақмарны иуаҳазар ҟалап.
Ахаан зылаӷырӡ камшәац,
Игәырӷьахәу иашәа иҳәалап.
Знык, сыҧсадгьыл аҿаҧхьа
Исылшар суал ашәара,
Игәырӷьодаз усҟан са саҧхьагь,
Сашәагь наҩрын хара.
Ари ажәеинраала ҩ-куплет заҵәык роуп иҟоу, аха ҵакыла шаҟа иҭбааузеи, шаҟа игәырҧшаагоузеи, шаҟагьы ахьаа ацузеи! Аоригинал аҿы еиҧш, иаҵоу ацәаныррақәа зегьы еиқәырханы, аритм еиламгакәа, арифмагьы еиқәыршәаны аҟаҵара – ари аиҭагаҩ иҷыдоу ибаҩхатәра ҳаракы иабзоуроуп. Ус анакәха, иаҳҳәар ҳалшоит, Геннади Аламиа игәҭакы ҟазара ҳаракыла инаигӡеит ҳәа.
Еихсыӷьра ақәымкәа игалааит аҧсшәа зҿыҩуа ауаҧс ҧхьарца абжьы!
Алхас ЧХАМАЛИА


