Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСУАҴАС АХНЫҞӘГАШЬА ИАҚӘШӘОЗ





Сергеи Чакветаӡе – 90 ш.

Аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист Сергеи Чакветаӡе диижьҭеи 90  шықәса ҵит.

Сергеи Васили-иҧа Чакветаӡе диит (01.01.1936) Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит  – 22.11.2023). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара, амедалқәа маҷымкәа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2012), Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.

Оҭҳаратәи абжьаратәи ашкол далгеит (1955), иара убас А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет (1960) аҧсуа бызшәеи аурыс бызшәеи алитературеи рзаанаҭ ала.

1960 ш. инаркны рҵаҩыс-ааӡаҩыс дыҟан Гагра араион Цандрыҧшьтәи (Ганҭиадтәи) ашкол-интернат аҟны. 1960-1963 шш. раан Асовет Аррамаҵура дахысуан. Ирратә уалҧшьа анихига ашьҭахь ирҵаҩратә усура иациҵеит Гәдоуҭа араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҟны. 1963 ш. ноиабр 1 инаркны 1968 ш. азынӡа – ОБХСС Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша аҟны аус иуан. 1968-1988 шш. раан СССР Аҳәынҭқарратә шәарҭадара акомитет аусҳәарҭақәа рҟны акыр шықәса инеиԥынкыланы амаҵ иуит аоперативтә усзуҩы инаркны анапхгаратә маҵурақәа рҟынӡа, аполковник ичын иман.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан ашкол ҷыдақәа дырхысуан Қарҭ, Киев, Ташкент. 1988-1989 шш. рзы – Гәдоуҭа араион атуризм абиуро деиҳабын, 1990-1991 шш. раан – апартиа Гәдоуҭатәи араионтә комитет аҩбатәи маӡаныҟәгаҩын, 1991 ш. август инаркны 1998 ш. сентиабр азынӡа Гәдоуҭа араион Ахадара асоциалтә хьчара аҟәша деиҳабын. 2000-2005 шш. рзы Аҧсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵура Гәдоуҭатәи араионтә ҟәша деиҳабын, 2005-2007 шш. рзы –Гәдоуҭа араион Ахадара аиҳабы ицхырааҩс. 2007 ш. апрель инаркны акыр шықәса агазеҭ «Аҧсны» ахатә корреспондентс, Гәдоуҭа араион абыргцәа Рхеидкылеи аибашьра аветеранцәеи, аџьеи арбџьар мчқәеи Рхеилаки рхантәаҩыс дыҟан, Аҧсны Акомпартиа араионтә ҟәша анапхгаҩы дихаҭыҧуаҩын.

Данхәҷыз инаркны асахьаркыратә литературеи апублицистикеи дрызҿлымҳан. Ипублицистикатә статиақәа икьыҧхьуан Аҧсны еиуеиҧшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыҵит ишәҟәқәа: урысшәала: Кадыр, Басят, Сталин и другие… Документальная повесть. Сухум, 2006; Пароль без вести пропавшего. Художественно-документальная повесть. Сухум, 2010; Орден за донос. Кадыр, Босят, Сталин и другие… Сухум, 2012; аҧсышәала: Иақәшәашьа ихаҵашьоуп. Аҟәа, 2018.