Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤХЬАҨЦӘА ИРОУИТ «АЛАШАРА» №2





Иҭыҵит алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» аҩбатәи аномер. Аҭыжьымҭа аатуеит еицырдыруа апоет, апрозаик Иван Ҭарба диижьҭеи 105 шықәса аҵра иазкны ианылаз, ихатә архив аҟнытә иԥшаау ипоема «Ашәшьырақәа ркәалӡы» ала.  «Иван Ҭарба илитературатә ҭынха» ахьӡуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу уи иациҵаз аԥхьажәа. Апоет Игор Хәарцкиа иакәзар,  70 шықәса ихыҵра иазкны икьыԥхьуп иажәеинраалақәа. Апоезиа еиднакылоит иара убас Анатоли Лагәлаа, Белла Барцыц рҩымҭақәа. «Аҿар рыбжьы» арубрикала иануп Аинар Ҷыҭанаа, Џьамбул Инџьгиа ражәеинраалақәа.

Апроза иаҵанакуеит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иажәабжь «Амацәыс агьама». Сергеи Чакветаӡе (90), Константин Гердов (85) риубилеиқәа инарымаданы ианылеит ражәабжьқәа. Дырмит Быҭәба диижьҭеи 75 шықәса аҵра аҳаҭыр азы акьыԥхь абеит ипублицистика ахьтә –  «Ахара хәыцра аналша». Алитератураҭҵааҩ Рауф Ебжьноу (80) ииубилеитә рыцхә инақәыршәаны икьыԥхьуп истатиа «Амаӡа аԥшаара».

Аԥхьаҩ идгалоуп аҭҵаарадырра еиднакыло Виачеслав Бигәаа истатиа «Аиаша аӡыргара иацу ауадаҩрақәа», Валери Бигәаа истатиа «Аԥсуара – аԥсуа жәлар ретнокультуратә специфика: ахьышьҭреи анархеи».

Ааӡара азҵаатәқәа цәырнагоит Алықьса Касланӡиа истатиа «Аҩызеи аҩыза гәакьеи».

Афырхацәа – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкуп Ешыратәи аибашьцәа рмузеи аиҳабы Марина Тәанба лстатиа «Аби аԥеи рыԥсадгьыл рыхьчон», «Афырхаҵара ауаҩрагьы ацзароуп» ахьӡуп Саида Ҳаџьым иазлырхиаз Аԥсны Афырхаҵа Асҭамыр Ҩардан иҿцәажәара. «Зажәеи зашәеи еимадоу апоет» зыхьӡу аҟны алитературатә ԥсҭазаара аарԥшуп апоет-академик Владимир Занҭариа диҿцәажәаны А. Лагәлаа акьыԥхь иазирхиахьаз.

 Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурнал «Алашара» аредакциеи рҟнытә ианҵоу анекролог изкуп иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Анатоли Лагәлаа. Араҟа икьыԥхьуп иара убас А. Лагәлаа аҵыхәтәантәи имҩахь инаскьагара иазкыз алахьеиқәратә́ митинг аҟнытә ақәгыларақәеи иаашьҭыз адышшыларақәеи.

«Харҭәаашьа змам ацәыӡ: дҳаԥхеит Владимир Занҭариа»  ахьӡуп  Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурнал «Алашара» аредакциеи рнапы зҵаҩу  анекролог. Уи инамаданы иануп алахьеиқәратә митинг аҟнытә ақәгыларақәеи адышшыларақәеи. «Иҳацәцаз ҳҩызцәа ргәаларшәарақәа» аҟны Анатоли Лагәлааи Владимир Занҭариеи ргәаладыршәоит Геннади Аламиа, Гунда Сақаниа, Елеонора Коӷониаԥҳа.