Иҭыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» ахԥатәи аномер.
Аҭыжьымҭа аиҳарак иаамҭамкәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, акыр шықәса ажурнал «Алашара» аредактор хадас иҟаз Анатоли Лагәлаа игәалашәара иазкуп. Абри аӡбахә ауп иаҳәо излаатуа, аредактор хада инапынҵақәа назыгӡо Аинар Ҷыҭанаа икьыԥхьымҭа «Иахьагьы уаҵәгьы…». Анаҩс, А. Лагәлаа изку ражәеинраалақәа ркьыԥхьит Заира Ҭҳаиҵыкә, Сергеи Агындиа, ргәалашәарақәа анылеит: Геннади Аламиа, Даур Наҷҟьебиа, Енвер Ажьиба, Маҳинур Папаԥҳа, Алхас Чхамалиа, Дырмит Габалиа, Џьамбул Инџьгиа, Альбина Анқәабԥҳа, Саида Ҳаџьым, Гунда Аӡынԥҳа, Инал Гыцба, Дифа Габниаԥҳа, Ламара Амҷԥҳа, Кристина Қәҭелиаԥҳа.
Араҟа икьыԥхьуп апроза иаҵанакуа аҩымҭақәа: Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа: «Шьазинагьы илҭахын анасыԥ», «Саб», Шамил Аҟәсба иажәабжь «Икәараҵо амҩахәасҭа».
Рпоезиатә рҿиамҭақәа анылеит: Анатоли Лагәлаа (аҵыхәтәантәи иажәеинраалақәа), Енвер Ажьиба. «Аҿар рыбжьы» арубрикала ицәыргоуп Алмас Шьалашьаа иажәеинраалақәа.
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба изкуп: Рушьбеи Смыр, Витали Амаршьан ражәеинраалақәа, Геннади Аламиа, Ирфан Аргәын ргәалашәарақәа.
«Амилаҭтә драматургиа ашьаҭаркҩы» ахьӡуп Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 шықәса аҵра аҳаҭыр азы аԥхьаҩцәа ирыдгалоу акьыԥхьымҭа. Ианылеит иара убас С. Ҷанба игәалашәара «Адәыӷба №6».
Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рахьтә инарылукааша аҵеицәа ируаӡәку Омар Беигәаа диижьҭеи 125 шықәса ҵит. Араҟа ианылеит Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виачеслав Бигәаа уи изку истатиа «Омар Беигәаа ирҿиаратә ҭынха», иара убас О. Беигәаа иажәеинраалақәа.
Актиор, аиҭагаҩ Иасон Ҷоҷуа диижьҭеи 115 шықәса аҵра инамаданы Елеонора Коӷониаԥҳа уи изылкыз лгәалашәара иахьӡуп «Хәызмаӡам арҿиаратә ҭынха».
Зураб Кәарҷиа иҿцәажәара аҟнытә ажурнал ианылеит Саида Ҳаџьым иазлырхиаз «Ҳамч ахьақәхоз ҳгылан, ахацәа ахьыҟаз» зыхьӡу.
«Аҭҵаарадырра» арубрика иаҵанакуеит Валентин Кәаӷәаниа истатиа «Таиф Аџьба «Мап зцәикыз» иажәеинраалақәак ирызкны». Уи иацуп апоет иажъеинраалақәагьы. Шьазина Џьапуаԥҳа лстатиа иахьӡуп «Аԥсуа жәлар ртрадициатә хәышәтәышьа азҵаарақәак». Абызшәатә материал ашьаҭала Арасаӡыхь ақыҭан ианҵоу Артиом Ахсалба истатиа иахьӡуп «Арасаӡыхьаа ражәақәа ҵакырадгьылла (лингвогеографиала) аҭҵааразы ажәақәак».


