18.08 2026
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟны имҩаԥысит аԥсуа милаҭтә литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа имаҭа, ауаажәларратә усзуҩ Татиана Гьаргь-иԥҳа Гәлиа лԥылара. Уи рҽаладырхәит ажәа сахьарк азҟазацәа.
Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу асас бзиала баабеит ҳәа лаҳәауа, аиқәшәара аартуа дрылацәажәеит Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра иазкны ҳтәылаҿы еиҿкааз аусмҩаԥгатәқәа. Ҷыдала дырзааҭгылеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҟанаҵаз ажәалагалақәа иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә комиссиа ишаднакылаз, урҭ реиҳарак шыӡбоу, рыхәҭак аҵыхәтәанынӡа рынагӡаразы аусурақәа шымҩаԥысуа. Агәрагара ааирԥшит урҭ зегьы шынагӡахауа ала.
Д.И. Гәлиа иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рыкәша-мыкәша ргәаанагарақәеи рыгәҭахәыцрақәеи рыцеиҩыршеит ашәҟәыҩҩцәа: Даур Наҷҟьебиа, Анзор Мықәба, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Артавазд Сарециан, Аинар Ҷыҭанаа.
Иқәгылоз иргәаладыршәеит жәлар рпоет иԥсҭазаара хра злоу адаҟьақәа, урҭ рыҩнуҵҟа иҟоуп инагӡаны ирыламҵәац, макьанагьы инарҭбааны ирзымдыруа ахҭысқәа. Хымԥада, аганахь инырмыжьит ирҿиамҭақәа, иажәеинраалақәеи, ипоемақәеи, иажәабжьқәеи, иромани, идрамеи, иалкаау ракәны иҟазаауеит. Ирыхцәажәан Д.И. Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аҳаҭыр азы иҭыжьу апоет, апрозаик иҩымҭақәа реизгақәа (аԥсышәалеи урысшәалеи), насгьы Гь. Гәлиа ишәҟәы «Повесть о моем отце» иара убас О.Ваицеховская» Брендель лышәҟәы «Образ Дмитрия Гулиа в изобразительном искусстве», Д.И. Гәлиа – «Агәалашәарақәеи ажәеинраалақәеи» (ҭырқәшәала). Урҭ ҷыдала дырзааҭгылеит ашәҟәыҩҩы, аҳәыншәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Д.Наҷҟьебиа.
Татиана Гәлиа лакәзар, аиқәшәара аҵаки, ахықәки, излацәажәоз ахҭысқәеи, агәалашәарақәеи, насгьы иҭыжьу ашәҟәқәеи даараӡа иҭабуп ҳәа рхылҳәааит. Ашәҟәҩҩцәа Реидгыла Д.И. Гәлиа ихьӡ акамыршәразы, игәалашәара анаунагӡатәразы еиҿнакаауеи имҩаԥнаго аусуреи рыхә лшьеит, ашәҟәыҩҩцәа ақәҿиарақәагьы рзеиӷьалшьеит. Алитература ауасхыр азышьҭаҵаҩ, лабду Д.И. Гәлиа ииублеи иадҳәаланы ҳтәылаҿы иаарԥшыз ахаҵгылара Гәлиаа рҭаацәаразы акырӡа шаҵанакуа даҩысит.
Аиԥылара ахыркәшараан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В.Аԥҳазоу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала ирҭааз иҭабуп ҳәа леиҳәеит, лабду ирҿиамҭақәа ахьыгәцаралкуа, дахьрыхӡыӡаауа азы. Аҵыхәтәан жәлар рпоет ихьӡ иадҳәалоу азҵаатәқәа аԥхьаҟагьы рызхьаԥшразы иҟаҵатәу иалацәажәеит.


