01.08.2020
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аҟны имҩаҧысит еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, ауаажәларратә усзуҩы Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диижьҭеи 85 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы. Аусмҩаҧгатә иахаҵгылеит, аиҿкаара иацхрааит Амилаҭттә библиотека анапхгареи аусзуҩцәеи.
Аилатәара мҩаҧысраны иахьыҟаз уҩналаанӡа, аҩбатәи аихагыла афое аҟны еиҿкаан Борис Гәыргәлиа изкыз афотосахьақәа рцәыргақәҵа, уи зеиҧш хьӡыс иаман «Зыҟамзаара ҳныҧшуа ауаҩы лаша Борис Гәыргәлиа – 85 шықәса». Аиубилеитә хәылҧазы ашҟа имҩахыҵыз ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, аҿар, алитература абзиабаҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз арҿиаҩы иҭаацәа, игәакьацәа, иуа-иҭахы. Ахәылҧаз рҽаладырхәит иара убас Аҧсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Беслан Ешба. Ахәылҧаз иаҭааз ацәыргақәҵа хшыҩзышьҭрала иахәаҧшит, уи Борис Гәыргәлиа инысмҩа даҽазныкгьы иазхьанарҧшит. Азал уахьыныҩнало улаҧш нақәшәон арҿиаҩы иҭижьхьаз ишәҟәқәа рцәыргақәҵа, иара убас аҭӡы аҟны еиқәшәаз иддырбон, ицәыргаз аиубилиар иҧсҭазаара уагәылазырҧшуаз еиуеиҧшым ашықәсқәа ирыҵанакуа афотосахьақәеи ишәҟәқәеи.
Аиубилеитә хәылҧазы аартуа ажәа иҳәеит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа. Ашьҭахь ажәа ииҭоит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу (анаҩс иара егьымҩаҧигон). Уи дазааҭгылеит Борис Гәыргәлиа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи. Иазгәеиҭеит зымҽхак ҭбааз арҿиаҩы амилаҭтә литературеи аҭҵаарадырреи рҟны илшамҭақәа, илагала хашҭра ақәымкәа ишаанхо. Ҵабыргны, Борис Гәыргәлиа аус ахьиуазаалакгьы, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла напхгара анаиҭоз акәзааит, Аҧснытәи ауниверситет аҟны шықәсарацәала астудентцәа алекциақәа данырзаҵхьоз, аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра, насгьы афилологиатә факультет адеканс даныҟаз акәзааит, зехьынџьара иааҧшуан иеиҿкааратә баҩхатәра инаваргыланы, Аҧсадгьыл абзиабара, уи еиҵагылоз абиҧарақәа рылааӡарагьы ламысла дазааҧсон. Ихаҭа аҧсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәҧара далагылан жәашықәсала. Амцаҧшь иаҩызаз апатриот иакәны дыҟан. Иҧсадгьыли иуаажәлари ирымадаз азҵаарақәа еснагь дырзықәҧаҩын, зыжәлар рҿахәы зҳәоз аҵеицәа хьӡырҳәагақәа дыруаӡәкын. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан раҧхьатәи амш инаркны Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа инарылагылаз иҧа Абзагә фырхаҵарала идгьыл гәакьа иҧсы ахҭниҵеит. Аха уи ижәҩа амырхәеит апоет, апатриот ду, Мрагыларатәи афронт аҟны еснагь аибашьцәа рыгәҭа дубон, ргәы шьҭихуан, Аиааира аҧсуа жәлар рнапаҟны ишыҟало агәра диргон, аҭабиақәа рҟны днеины иажәеинраалақәа дрызрыҧхьон, аиҳабы иажәа агәыӷра рнаҭон аибашьцәа, рыгәгьы еиҭаҧомызт. Абас дыргәалашәоит машәырла зыҧсҭазаара ҿахҵәаз, уи ибзианы дыздыруаз зегьы. Абар, уи ирҿиара дшазааҭгыло академик Шоҭа Салаҟаиа: «Б. Гәыргәылиа раҧхьаӡа иргыланы дпоетуп. Ипоезиаҿ ихадоу аҭыҧ ааныркылоит апоет идгьыл гәакьа Аҧсны, аҧсуа жәлар, урҭ ржәытә-рҿатә, рыцәгьа-рыбзиа, иацтәи рҭоурых, иахьатәи рҭагылазаашьа, уаҵәтәи рҧеиҧш ирыхьӡынҩылоу ажәеинраалақәеи апоемақәеи.
Ахаҵара, агәымшәара, ахачҳара ду, Аҧсадгьыл азы ахамеигӡара, ганкахьала, еихсыӷьра ззымдыруа агәырҩа, ахьаа бааҧс, адәахьала иҵәаху, аха уахгьы-ҽынгьы еиқәҳәалашьа змамкәа агәаҵа иҭаҧсо аб илаӷырӡ цаҳәцаҳә, даҽа ганкахьала – абас еиҧш иҟоу, контрастра ззибауа амотивқәа рыла еиҿыбаауп… аибашьра иадҳәалоу Гәыргәылиа ипоезиа».
Ахәылҧаз аҟны Борис Гәыргәлиа изкыз ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит ашәҟәыҩҩцәа: Терент Ҷаниа, Анзор Мықәба, Геннади Аламиа, Аҧснытәи ауниверситет аҟны акәзар, акыр шықәса аус ицзухьаз, иааигәаны дыздыруаз аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра аиҳабы Наҭелла Бахиа. Апоет изкны ажәа ҧхақәа рҳәеит, иажәеинаалақәа ирыҧхьеит Анатоли Лагәлаа, Гәында Сақаниа, Гәында Кәыҵниа, Заира Ҭҳаиҵыкә уҳәа егьырҭгьы. Аиқәшәараҿы Борис Гәыргәлиа дыргәаладыршәеит иара убас Аҧсны ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Виачеслав Цыгәба, аибашьра аветеран Ахра Гәаланӡиа. Ахәылҧаз ҵакыла иханарҭәааит апоет иажәеинраалақәа иахьрыҧхьаз имаҭацәа Борис Гәыргәлиа, Леиа, Гәыргәлиа, Алан Ешба.
Аҵыхәтәан Гәыргәлиаа аешьара рыхьӡала аиубилеитә хәылҧазы еиҿызкааз, уи иахаҵгылаз, иацхрааз, зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит апоет иашьеиҵбы Игор Гәыргәлиа.
В.Ажәанба





