Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ДҲАԤХЕИТ НОННА ЏЬЫНЏЬАЛԤҲА





15.06.2025

Лыԥсҭазаара далҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалаз абаҩхатәра злаз аԥсуа шәҟәыҩҩы, апублицист  Нонна Иури-иҧҳа Џьынџьалԥҳа.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟнытә гәалсра дула ирыдышшылоит арҿиаҩцәа рҭаацәара ду иаԥхаз лыуацәеи лҭахцәеи.

Нонна Иури-иҧҳа Џьынџьалԥҳа диит1971 ш. август 21 рзы Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.

1988 ш. далгеит Гәыҧтәи абжьаратәи ашкол. 1989-1995 шықәсқәа раан аҵара лҵон Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҟны.

Лыԥҭазаара зегьы аҵара-ааӡара аус иадҳәалан, аихьӡарақәагьы лыман. 2000 ш. инаркны аус луан Гәылрыҧшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. Данқәыԥшӡаз инаркны алитература абзиабара шьҭылкаахьан, аҟыбаҩ бзиа лылан. Убри иабзоураны алитературатә ԥсҭазаара далагылан. Дрылахәын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла имҩаԥнагоз ахәылԥазқәа, аиубилеиқәа разгәаҭарақәа, ашәҟәы ҿыцқәа рӡыргарақәа, алитературатә семинарқәа.

Лассы-лассы лажәабжьқәа рнылон алитература-уаажәларратә журнал «Алашара», алитературатә газеҭ «Аамҭа», Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иҭнажьуа аҿар рырҿиамҭақәа еидызкыло аизга «Ашацкыра» уҳәа егьырҭгьы. Апроза иаҵанакуа ажанрқәа рҟны лыҽԥылшәон, егьлыцааиуан. Урҭ аԥхьаҩцәа еицгәарҭахьан.

Аԥснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵхьеит лажәабжьқәеи лповести згәылоу ашәҟәқәа: «Абзиабара ашәа», «Ашьауардын ахыԥша».

Нонна Џынџьалԥҳа лгәалашәара хашҭра ақәымкәа иаанхоит лҩызцәеи лколлегацәеи ргәалашәараҿы.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла