2025 шықәса апрель 16 рзы ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы имҩаԥысит аудиожурнал ҿыц аӡыргара, насгьы иреиӷьу акьыԥхь збаз ажәеинраала, ажәабжь, асахьа рыла еиҿкааз аконкурс «Ахәыҷқәа рырҿиара» аҟны иалкаахаз аҳамҭақәа рыҭара.
Уаҩы иааџьеишьартә ԥхарралеи гәырӷьарылеи иҭәын ари аусмҩаԥгатә зегьы рзы. Ахәыҷқәа инеимда-ааимдо ражәеинраалақәа ирыԥхьон гәацԥыҳәарала. Аредакциахь ианеиз инаргеит рхатә ҳамҭақәа: ражәеинраалақәа, ражәабжьқәа, рсахьақәа.
Ари аиқәшәара аиҿкаараҿы ацхыраара ҟарҵеит Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы Б. Ешба, Ахадара Акультура аҟәша аиҳабы Н. Ҳашыг. Ахәыҷқәа ҳамҭас ранашьаразы Аԥсныҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аиҳабы Д. Наҷҟьебиа ириҭеит И. Коӷониа ииубилеи инамаданы иҭыжьыз ашәҟәы, иара убас гәахәарала ирыдыркылеит апоет, ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа ахәыҷқәа ирызку ишәҟәы «Арбаӷь ҟаԥшь».
Аредакциа аусзуҩцәа иҭабуп ҳәа рарҳәоит арҵаҩцәа, аҭаацәа, ныҳәаҵас имҩаԥысыз аиқәшәара зырԥшӡаз асасцәа.
Мҩамш, аудиожурнал «Амцабз»!
Ажурнал «Амцабз» аредакциа 2024 шықәсазы еиҿнакааз аиндаҭлараҿы иалкаахеит аҵаҩцәа:
Апоезиа аҟны: I аҭыԥ – Нариа Ламиаԥҳа (Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә Ашьхарыуаа рышкол №10 аҵаҩы), Милена Гәынба (В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҵаҩы), Сабина Барганџьиа (Қь. Хә. Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ аҵаҩы), Наала Ҷкадуа (С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩы);
II аҭыԥ ранашьоуп: Диана Сухарева (И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ аҵаҩы), Софиа Кьышьмариа (Л. Б. Лабахәуа ихьӡ зху Рекатәи абжьаратә школ аҵаҩы), Сабина Зарақәуа (С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи абжьаратә школ-интернат аҵаҩы), Алмас Лашәриа (И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратә школ аҵаҩы), Анана Чқәанԥҳа (Ҷ. Р. Хьиба ихьӡ зху Баслахәтәи абжьаратә школ аҵаҩы), Мрана Еныкь (Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 5 аҵаҩы);
III аҭыԥ раҭәашьоуп: Милана Смыр (Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 4 аҵаҩы), Нарҭ Амҷба (С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩы), Рабиа Пертаиа (Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ №4 аҵаҩы), Енрик Ашьхаруа (Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Ҷлоутәи абжьаратә школ аҵаҩы).
Апроза аҟны I аҭыԥ ааникылеит– Баграт Аршба (С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҵаҩы);
II аҭыԥ – Мелиса Кәарҷиа (Кь. Ш. Чачхалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи абжьаратә школ аҵаҩы).
Асахьа ҭызхыз рахьтә I аҭыԥранашьоуп–Садиа Адлеиба (Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратә школ № 4 аҵаҩы), Ерена Бебиа (В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҵаҩы);
II аҭыԥ – Леуан Агәхаа (Қь. Ҟ. Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ аҵаҩы).


