Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ф. ИСКАНДЕР ИХЬӠ ЗХУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АПРЕМИА АИУРА ИАҦСАХАЗ АЛКААУП





02.12.2019

Декабр 2 рзы Москва, Боголиубов ихьӡ зху аҟазара абиблиотека аҟзал ду аҟны имҩаҧысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа иаҧсахаз рнапаҿы рыҭара.

«Апроза» аноминациа аҟны иреиӷьу ҳәа иалкаахеит ҩыџьа: Мосва инхо ҳџьынџьуаҩ Владимир Делба – апрозатә ҩымҭақәа «Звездная пыль моих воспоминаний» азы, насгьы Анатоли Курчаткин – ароман «Минус 273 градуса по Цельсию» азы.

«Апоезиа» аноминациа аҟны апремиа даҧсахеит Алексеи Остудин – «Вишневый сайт» азы.

«Адраматургиа, акиносценариа» аноминациаҿы – Евгениа Декина лсценариа «Страх».