Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ГЬАРГЬ КОНСТАНТИН-ИԤА ГУБЛИА





06.11.2019

 Аԥсуа милаҭтә литература ацәыӡ ду аиуит, 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит апоет, апрозаик, адраматург, алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы-ааӡаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Гьаргь Константин-иҧа Гублиа.

Гьаргь Гублиа афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа ахьӡ ихҵан (1970), Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет аҧсуа литература акафедра адоцентс, анаҩс апрофессорс дыҟан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1974), 1957 ш. инаркны СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан, 1999 ш. раахыс – Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла. Ианашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара.

1928ш. маи 15 рзы Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан ииз Гьаргь Гублиа ишьақәгылара ҳажәлар рмилаҭ зинқәа анырҿаҟәоз аамҭа иақәшәеит. Аха иҽаҵамырхакәа аҵара иҽазикит. Аҵара иҵон Ҟәланырхәатәи ашкол аҟны ҧшьы-шықәса, анаҩс – абжьбатәи акласс аҟынӡа Гәдоуҭатәи абжьаратәи аҧсуа школ аҟны. 1944 ш. Гәдоуҭатәи ақыҭанхамҩатә техникум дҭалеит. Ашьҭахь уи Мықәҟа ииаргазаргьы, иҵара аанимыжьит. Мықә аҵара данҭаз уаҟа еиҿкааз адраматә кружок далахәын. Убасҟан ауп алитература даназҿлымҳахагьы. Раҧхьаӡа акәны инарҭбааны идырит аҧсуа шәҟәыҩҩцәеи аурыс шәҟәыҩҩцәеи рҩымҭақәа.

Иҵара аныхиркәша (1948), шықәсык аҟынӡа иқыҭа гәакьаҿ Ҟәланырхәа агрономс аус иуан. 1949 ш. А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭалеит. Аха ашьҭахь гәыҧҩык иқәлацәеи иареи ииасит Қарҭтәи аҳәынҭуниверситет ахь. Иреиҳау аҵараиурҭа далганы Аҧсныҟа даныхынҳә (1954), аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы, нас Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны, араҟа ҿыцны иаадыртыз афилологиатә факультет аҧсуа сектор аҟны аҧсуа алитература арҵаҩыс, ашьҭахь аҧсуа литература акафедра аиҳабыс (1965-1975). 1970 ш. Қарҭ ихьчоит акандидаттә диссертациа абри атемала: «Дырмит Гәлиа: ирҿиаратә мҩа». Уи хара имгакәа хазы шәҟәны Аҟәа егьҭыжьын. 1975 ш. инаркны апартиа Аҧснытәи аобком алекторс дыҟан, 1978-1984 шш. раан - ажурнал «Алашара» аредактор хадас, ашьҭахь - ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аиҳабыс аус иуан. Аҧснытәи Аҳәыҭуниверситет апрофессорк иаҳасабала акыр шықәса аҧсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа дрыҧхьон.

Еиҳарак 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи рҟны имҩаԥысуаз алитературатә еиԥыларақәа, еиуеиԥшым ахәылԥазқәа рымҽхак аҽарҭбааит. Урҭ иҽрылаирхәуан Гьаргь Гублиа. Аԥхьаҩцәа ирылаҵәаз иажәеинраалақәа иреиуоуп «Бысзыԥшыз», «Амза каҷҷа-каҷҷо амшын ихыршәлан», «Амра сыхьӡуп, жәлас исымоуп Аԥсны» уҳәа егьырҭгьы. Ажурнал «Алашареи» аредакторси ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аиҳабыси даныҟаз акырӡа аҽцәырнагеит Гьаргь Гублиа илаз аиҿкааратә баҩхатәрагьы. Ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭа ҿыцқәа амҩа рзылхраҿы, уи иамадаз аусқәа реиҿкаараҿы шьарда илиршеит.

Усҟантәи аамҭақәа рзы «Аԥсуа литература амшқәа» мҩаԥысуан Урыстәылан еиԥш, егьырҭ ареспубликақәа рҟны. Иахьакәзаалакгьы ҳмилаҭ литература ӡырзгоз ашәҟәыҩҩцәа дреиуан Гьаргь Гублиа. Ипоезиатә рҿиамҭақәа рҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит Иԥсадгьыли ижәлар гәакьеи рахь ибзиабара, амилаҭ ҟазшьа бзиақәа рӡыргара, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара. Ипрозатә ҩымҭақәа ракәзаргьы инарҵауланы иаадырԥшуеит аԥсуа қыҭа аԥсҭазаашьа, ижәлар ирхыргахьоу, урҭ ржәытә-рҿатә.

1950 ш. акьыҧхь аҟны данцәырҵ инаркны ипоезиатәи ипрозатәи рҿиамҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», «Аҟәа-Сухум», «Юность», «Молодая гвардия», агазеҭқәа «Бзыҧ», «Аҧсны ҟаҧшь», «Аҧсны», «Советская Абхазия», «Еҵәаџьаа», «Литеранурная газета» уҳәа егьырҭгьы. Ихаҭагьы дацԥыҳәаны аԥсшәахь еиҭеигон егьырҭ алитературақәа рхаҭарнакцәа рҩымҭақәа.

Гьаргь Гублиа авторс дрымоуп ажәеинраалақәа реиҧш, апоемақәа, ажәабжьқәа, аповестқәа, ароманқәа, апиесақәа, аочеркқәа, аҧсуа литература иазку аҭҵаарадырратә статиақәа. Идраматә ҩымҭақәа руак «Сыбзиабара уара иуцуп» Аԥсуа театр аҟны иқәдыргылахьан. Жәлар ражәабжьҳәаҩцәа Жана Ачбеи Чаҵә Чагәи рҳәамҭақәа реизгараҿы акәзаргьы, акырӡа дазааԥсеит. Иҩымҭақәа еиҭаганы иҭыҵхьеит асурыс, аукраин, ақырҭуа, аҟабарда уҳәа абызшәақәа рахь.

Амилаҭтә литературеи аҵара-ааӡареи акыр шықәса ирзааԥсаз Аԥсадгьыл аҵеи лаша, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Гьаргь Константин-иԥа Гублиа ихьӡ хашҭра ақәымкәа ижәлар ргәалашәараҿы иаанхоит.

    Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла