21.08.2020
Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иҧа!
Ҳаамҭазтәи аԥсуа рҿиаҩцәа қәҿиарала ирылагылоу, СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, урысшәалеи аҧсышәалеи иҩуа арҿиаҩы упоезиеи, уеиҭагақәеи, уҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи акыр ҵуеит.
1968-1973 шш. раан Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аҵара уанҭаз инаркны еиҳагьы урзааигәахеит еицырдыруа аурыс поетцәеи апрозаикцәеи. Уҵара хыркәшаны Аԥсныҟа уаныхынҳә, аус ахьууазаалакгьы, агазеҭ «Советская Абхазия» аредакциа, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс акәзааит, удырреи уԥышәеи хеибарҭәаауан. 1984-1990 шш. рзы рҵаҩыс уҟан А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны, араҟа аҧсуа поезиеи апрозеи реиҭагаразы арҿиаратә семинар мҩаҧугон. Ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд уеиҳабын. Акыр шықәса раахыс Москва унхоит, урҿиаратә ԥсҭазаарагьы ари ақалақь иадҳәалоуп. Упоезиатә рҿиамҭақәа аԥсуа доуҳатә дунеи аадырԥшуеит. Урҭ иныԥшуеит ираӡоу, игәылыршәоу ухатә дунеи, ухатә цәаҩа, ухатә хәыцшьа. Аԥсуа милаҭтә поезиа урбеиеит иара убас бызшәа цқьала, баҩхатәрала аԥсшәахь еиҭоугахьоу аурыс потцәа дуқәа А.Пушкин, С.Есенин, А.Блок, А.Ахматова, М.Цветаева, насгьы анемец классикцәа гәыԥҩык рпоезиа хьыршәыгәқәа. Аурысшәахь акәзар, шьахәла еиҭоугахьеит аԥсуа поетцәа: Д.Гәлиа, И.Коӷониа, О.Беигәаа, Б.Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, А.Аџьынџьал, Т.Аџьба, Р.Смыр, Н.Кәыҵниа, Г.Аламиа, Р.Лашәриа уҳәа ражәеинраалақәа. Уҭоурыхтә ҩымҭа иалху аспектакль «Али-беи» С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит. Ухьӡ еицырдыруеит иара убас Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа ирымадоу уҭҵаамҭақәа рыла. Урҭ ахәшьара бзиа зҭатәу лагаламҭақәаны иҟалеит аԥсуаҭҵаареи инеизакны кавказҭҵаареи рганахьала. Еснагь гәцаракрала урзыҟоуп уаб, еицырдыруа апоет-асатирик Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа, урҭ реиқәыршәареи рҭыжьреи. Абарҭқәа инарҷыданы аԥсуааи адыгақәеи ирызку аҳәаанырцәтәи авторцәа гәыԥҩык рышәҟәқәа аурысшәахь еиҭаганы рҭыжьра аԥшьгаҩыс уамоуп.
Аханатә еиԥш, еиуеиԥшым атемақәа ирызкны апериодикатә кьыԥхь аҟны уқәгыларақәа рызкуп Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа литературеи рӡыргара, рыларҵәара, ҳтәыла анҭыҵ ирдырыртә ахаҵгылараҿы. Ари зегьы мыруга бзиоуп аԥсуа доуҳатә культура аурыс дунеи аларҵәараҿы. Москва уҟазаара иабзоураны улаԥшҳәаа еиҳагьы аҽарҭбааит, қәҿиарала ҩ-дунеик, ҩ-литературак реимадарақәа урзааԥсоит. Абарҭқәа зегьы ирыҵаркуа рацәоуп Аԥсуа Ҳәынҭқарра аҳәаанырцә аӡыргара аус аҟны.
Зшәымҭа иҭагылоу арҿиаҩы уаԥхьаҟа аихьӡарақәа ҿыцқәа ралыршараҿы агәабзиара ацны агәамч Анцәа иуиҭааит.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла




