15.07.2020
Аерман поет Оганес Торосиан диижьҭеи 70 шықәса ҵит.
Оганес Амазасп-иҧа Торосиан диит (15.07.1950) Гәылрыԥшь араион Амтҟьал ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит – 26.06.2009). Ермантәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (1990), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла (2003). Дыҩуан ерман бызшәала.
Г. Х. Абовиан ихьӡ зху Еревантәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт далгеит. 1967 ш. инаркны аерман бызшәа арҵаҩыс дыҟан Амтҟьалтәи аҩбатәи аа-шықәсатәи ашкол аҟны, ашьҭахь - Ҵабалтәи аҩбатәи абжьаратәи ашкол адиректорс (1982), Аҧсны аҵара аминистрра аспециалист хадас (1992), Аҧсны аҵара аминистр ихаҭыҧуаҩс (1996), ари аминистрра аспециалист хадас (1999). Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогигатә факультет аерман ҟәша аҟны ерман бызшәала аҧсуа литература азы акурс ҷыда даҧхьон.
Раҧхьатәи иажәеинраала «Ашьхыци ааҧынреи» кьыҧхьын агазеҭ Пионер-канч» (Ереван, 1996) аҟны. Иажәеинраалақәа рнылон ажурнал «Амцабз», аерман журналқәа «Гарун» («Ааҧын») (Ереван, 1985), «Меирени» («Ахатәы бызшәа») (Ереван, 1989); агазеҭқәа «Гракан терт» («Алитературатә газеҭ») (Ереван, 1987), «Аҧсны ҟаҧшь» (Аҟәа, 1989), «Аздак» («Агәазыҳәара») (Беирут ақалақь, 1995). Аерман бызшәахь еиҭеигеит аҧсуа поетцәа Л. Б. Лабахәуа, М. Т. Лашәриа, Р. Ҳ. Смыр, Д. Кь. Чачхалиа, И. Н. Ҳашба ражәеинраалақәа маҷымкәа. Б. У. Шьынқәба иажәеинраалақәа реизга «Аҿырпын» аерман бызшәахь еиҭазгаз (1997) дыруаӡәкуп.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ерман бызшәала иҭыжьын ишәҟәқәа.


