Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ИАХЬА ЛИУБИЛЕИ АЗГӘАЛҬОИТ АԤСУА ПОЕТ ГӘЫНДА КӘЫҴНИАԤҲА





22.03.2025

Абаҩхатәра злоу аҧсуа поет, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Гәында Сергеи-иҧҳа Кәыҵниа ҳарҿиаратә еилазаара ахьӡала шәиубилеи шәыдаҳныҳәалоит, аԥсҭазаараҿы, арҿиара аус аҟны еиҳау аихьӡарақәа шәзыԥшызааит.

Зқәыԥшра ашықәсқәа раан алитература агәыблра шьҭызкаахьаз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет шәаналга нахыс еиҳагьы арҿиара шәагәыланахалон, алитературатә ԥсҭазаара шәалахәын. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аклуб аиҳабыс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аҧсуа радио аредакторс аус аныжәуаз акәзааит, еснагь арҿиара агәацԥыҳәара шәыман, аҿыц шәашьҭан. 2005 ш. инаркны аҧсуа бызшәа арҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аиҳабыс шәаниарга иааԥшит ишәылаз аиҿкааратә баҩхатәрагьы. Иахьа ҩаԥхьа аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә усбарҭа напхгара ашәҭоит. 2017 ш. раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд шәеиҳабуп.

Ашкол шәанҭаз инаркны акьыԥхь аҟны шәцәырҵрала еилкаахеит агәырҵҟәыл бзиа шшәылаз. Ахәыҷтәы журнал «Амцабз» еиԥш, уи нахыс шәажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета», аизга «Аукцион» (Аҟәа, 1990). Шәажәеинраалақәа агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа - Москва, 2001; 2009) уҳәа. Шәхатәы жәеинраалақәа еиҭаганы иркьыԥхьхьеит Урыстәылатәи ажурналқәеи агазеҭқәеи, иргәылоуп «Сухумская крепость» еиԥш иҟоу еиуеиԥшым аизгақәа.

Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭзыжьхьоу апоет шәааԥсара маҷымкәа иҟоуп аиҭагара аус аҟны. «Аҧсалҭыр» аԥсшәахь аиҭагаҩцәа шәыруаӡәкуп, иара убас «Ахәыҷқәа рзы абиблиа», «Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Жәларбжьаратәи Адекларациа» уҳәа.

Шәпоезиа ианыԥшуеит даҽакы иаламҩашьо шәхатә дунеи. Уаҟа еиуеиԥшым ашьҭыбжьқәа еигәныҩуеит, рхеибарҭәаарала иџьашьахәу ацәаҩа ҟазшьақәа аҵубаауеит, аԥхьаҩцәагьы азхьанарԥшуеит. Доуҳамчык рымоуп, цәалашәара ссирқәак узцәырыргоит, цәанырра ҟәандақәак уздырҵысуеит. Аханатә еиԥш, шәпоезиа ҷыдаҟазшьас иамоуп ахшыҩҵакқәа раарԥшраан аиҿырԥшрақәа шьахәла рхархәара. Аԥсҭазаареи аԥсабареи ирыдҳәалоу, мамзаргьы ҳажәлар рԥеиԥши Аԥсны аҭоурыхи ирымадоу ахаҿсахьақәа рцәыргараан ирныԥшуеит афилософиатә дунеидкылашьа. Уи даҽазныкгьы иарҵабыргуеит апоет илаԥшҳәаа амҽхак.

Абарҭқәа зегьы реиҿыбаарала иҭышәынтәалахьоу арҿиаҩы идунеихәаԥшра аҽшарҭбаауа удырбоит, уагьыргәылархалоит.

Шәиубилеи шәыдныҳәалауа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҭаацәара ду аҟнытә еиҳау аихьӡарақәа шәзеиӷьаҳшьоит, арҿиарахь ишәымоу агәацԥыҳәара еихсыӷьра ақәымзааит.

                                                                                                                                                                        Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла