Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ИАԤҴОУП АШӘҞӘЫҨҨЦӘА РЕИДГЫЛА АКОМИССИАҚӘЕИ АҲАҬЫРТӘ ХЬӠЫ «АЛИТЕРАТУРАТӘ ХӘЫШҬААРЕИ»





13.07.2022

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ажәиҧшьтәи аизара ду анымҩаҧгаха ашьҭахь имҩаҧысит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара раҧхьатәи реилатәара.

ААР ахадара аилатәараҿы ирылацәажәан ашықәс аҩбатәи азбжазы инарыгӡараны иҟоу аусмҩаҧгатәқәа. Урҭ рыдигалеит ААР ахантәаҩы В. Аҧҳазоу.

Аилатәараҿы иалхын ААР аревизиатә комиссиа аилазаара ҿыц.

Анаҩс ииасит ААР иаҵанакуа акомиссиақәа раҧҵареи урҭ русура иазку аҧҟарақәеи рыдкыларахь.

Ишьақәыргылоуп Г. Сақаниа хантәаҩыс дзауз ААР ахь алитераторцәа ҿыцқәа рыдкыларазы арекомендациатә комиссиа аилазаара.

Алитераторцәа ҿарацәеи аҵаратә усбарҭақәа рҟны алитературатә кружокқәеи аидҵарақәеи аус рыдуларазы акомиссиа азы Аҧҟара рыдыркылеит. З. Ҭҳаиҵыкә лхантәаҩрала иаҧҵан акомиссиа аилазаарагьы.

Еиҿкаахеит иара убас асахьаркыратә литература аиҭагаразы акомиссиа аилазаара, уи ахантәаҩыс далхуп Д. Наҷҟьебиа.

Иҳаҧхаз ашәҟәыҩҩцәа рҭынха аизгареи, аиқәырхареи, ААР афотоархиви алитературатә ҵакы змоу аҭыҧқәеи (абаҟақәа, амемориалтә ӷәқәа, апаркқәа, абаҳчақәа, аскверқәа, аллеиақәа уҳәа) рызҵаарақәеи рзы акомиссиа аҧҵоуп. Уи аилазаарахь иалхуп хәҩык.

ААР аҟны иҟоу Алитературатә клуб Аҧҟара анышьақәдырӷәӷәа, ишьақәдырӷәӷәеит Алитературатә клуб напхгара азҭо реилазаара, аиҳабысгьы иӡбахә рҳәеит А. Лагәлаа(уи инапы ианызаауеит Алитературатә клуб аҟәшақәа русура аҳәаақәҵара).

ААР иҭнажьуа алитераторцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга «Ашацкыра» аредколлегиа аилазаара ҿыц шьақәырӷәӷәоуп, уи еиднакылоит хәҩык: З. Ҭҳаиҵыкә, Д. Наҷҟьебиа, А. Лагәлаа, Гә. Сақаниа, Д. Габалиа.

Иаҧҵоуп ААР Аҳаҭыртә хьӡы «Алитературатә хәышҭаара», насгьы ирыдыркылеит уи иазку Аҧҟара. Ари аҳаҭыртә хьӡы рыхҵахалоит алитературатә ҭынха аиқәырхареи, асахьаркыратә ажәеи аҧсуа литератураҿы иҟоу атрадициақәеи рыларҵәареи, рӡыргареи, алитературатә процесс аиҿкаареи рус аҟны ҷыдала злагала ҟазҵо акультуратә аҵаратәи усҳәарҭақәа.