Ҳаҭыр зқәу Гунда Валентин-иԥҳа!
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи уи еиднакыло ашәҟәыҩҩцәа рҭаацәара дуи рҟнытә гәык-ҧсыкала ибыдаҳныҳәалоит 60 ш. бхыҵра иазку аиубилеи!
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1997) Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (2023) ирылоу, ҳаамҭазтәи аԥсуа рҿиаҩцәа рхаҭарнак, абаҩхатәра злоу апоет, апублицист, аиҭагаҩ, имҩашьауа зымҩа ылызххьоу, аихьӡарақәагьы аазырԥшуа, мшаҽнеиԥш, алитературатә ԥсҭазаара балагылоуп, бықәҿиарақәа аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аҵарауаа ахәшьара бзиа рырҭахьеит. Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә премиа банашьоуп (2010, ажәеинраалақәа реизга «Саҭанеи лашәа» азы). Бырҿиаратәи буаажәларратәи усураҿы благалазы Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы быхҵоуп.
И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол баналга ашьҭахь Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институти рҟны иреиҳау аҵара боуит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан аус ахьыбуаз Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аконсультантс, Аҧсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, аҧсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд (иахьа – аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы) азанааҭдырҩы хадас, иахьа ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас бахьыҟоу, аамҭакала Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда бахьырзаҧхьо акәзааит, зехьынџьара апринципра аабырԥшуеит. Ламысла, гәыблрала ахатәы бызшәа арҿиара бнапы алакуп, аԥсҭазаараҿы уи аиқәырхареи аларҵәареи бырзааԥсоит. Абасала, ааԥсарада быԥсадгьыли буаажәлари рымаҵ буеит.
1978 ш. акьыҧхь аҟны банцәырҵ инаркны бажәеинраалақәа, Аҧсны апериодикатә кьыҧхь аҟны еиҧш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы иркьыҧхьуеит. Бҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: «Алашара», «Абаза», «Литературная Кабардино-Балкария», ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (Москва), иара убас аизгақәа «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Бҩымҭақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа» ХХ ашә.» (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭбыжьхьеит.
Бҩымҭақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаҧс уҳәа абызшәақәа рахь.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан иҭыҵхьеит бышәҟәқәа: «Аԥшқарах», «Анана Гәында», «Аматанеира», «Ахьыцәыкәбар», «Саҭанеи лашәа», «Аԥслымӡ сааҭ», «Ахьышәахәа», «Ажәҩан абжьы», «Зқьымра» уҳәа рҟны аԥхьаҩ инарҵауланы дагәыланарԥшуеит аԥсуа идунеи, изаанартуеит иаҵаҵәаху амаӡақәа. Аханатә илху бхатәы мҩа есааира аҽарҭбаауеит, бҩымҭақәа аҟаза инапы ишыҵыҵыз агәра удыргоит. Урҭ удырхәыцуеит, умаршәа кны урыдрыԥхьалоит, маҷ-маҷ ургәылархалоит, уагьхырхуеит. Излаҩу абызшәеи рҵаки хеибарҭәаауеит, еимҩалацәоуп, еихьысеиԥысуа акәымкәа, еицнаргоит, хҭак еицҭадыршәуеит, убри алагьы рҿахәы гәылыршәаны иаадырԥшуеит.
Амилаҭтә литература, инеизакны аԥсуа доуҳатә культура аӡыргаҩцәа ируаӡәку, ақәҿиарақәагьы аазырԥшуа апоет иҵхәраа иааиуа бырҿиара аӡыхь еиԥҟьара ақәымзааит, шьардаамҭа быжәлар брылагылазааит.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла


