Аԥхьаҩцәа ироуит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ахәыҷтәы ажурнал «Амцабз» изаамҭану ахԥатәи аномер.
Ииун 1— ахәыҷқәа жәларбжьаратәи рымш аҳаҭыр азы аҭыжьымҭа аатуеит Геннади Аламиа ахәыҷқәа рдунеи аазырԥшуа иажәеинаарала «Мҩамш!» ала.
Апоезиа еиднакылоит. Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба, Геннади Аламиа, Анатоли Лагәлаа ражәеинраалақәа.
Иналукааша арккаҩы, апоет, апрозаик, адраматург, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩы Самсон Ҷанба диижьҭеи 140 ш. аҵра инамаданы икьыԥхьуп ипоема «Ашьха Ҭыԥҳа» ацыԥҵәаха.
Апроза иаҵанакуа аҩымҭақәа рахьтә акьыԥхь абеит Инна Аҳашба лажәабжь «Ахьтәы цаԥха», Нонна Џьынџьал лырҿиамҭа «Абзиабара амч уанақәгәыӷуа». Владимир Бутенко ахәыҷқәа ирызку ажәабжь кьаҿқәа «Аҳәынаԥ хәыҷы», «Абгеи абжьаси», «Аӷьыч», аԥсшәахь еиҭалгеит Амра Агрба.
Ажурнал «Амцабз» агәлаҵа «Аԥра» аҟны ицәыргоу аредакциа имҩаԥнагаз арҿиаратә еицлабра. Х-номинациак: «Иреиӷьу асахьа» «Иреӷьу ажәеинраала», Иреиӷьу ажәабжь» Аԥсны ашколхәыҷқәа злахәыз аицлабра. Аихшьаалақәа рыла, 2025 шықәсазтәи аиндаҭлараҿы иалкаахаз аҵаҩцәа рсиа аҭыжьымҭа ианылеит. Араҟа иуԥылоит аусмҩаԥгатә аиҿкаара аҟынтә афотосахьақәа, насгьы аҵаҩцәа рҭыхымҭақәа.
«Аҭоурых адаҟьақәа» арубрикала ианылеит Диана Ахба иазлырхиаз «Аҟәа ақалақь ажәытәӡатәи аҭоурых»
«Ажәлар рҳәамҭа хьыршәыгәқәа» рахь иаҵанакуеит Алина Ачԥҳа лкьыԥхьымҭақәа: «Аӡхыҵра ду ашьҭахь» «Аԥсабара акәакь» аҟны иӡыргоуп аҵиаа хкы «Аҭаҭлыб» («Чистотел большой») афотосахьа ацҵаны. Уи авторс дамоуп аҵарауаҩ Савели Ҷыҭанаа.
Аҭыжьымҭа иагәылоу, излаҩычоу афотосахьақәа иреиуоуп: «Маи 21— хашҭара зқәым аԥсуа-адыга жәлар рхырҵәа амш» Аҟәа азгәаҭара иазку. Ажурнал сахьала еиқәиршәеит асахьҭыхҩы Виссарион Ҵәыџьба.


