29.03.2020
Иҧсҭазаара далҵит еицырдыруа алитератураҭҵааҩы, афольклорист афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1967), Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз, СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1983), Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1999) рлахәыла Владимир Агрба.
В. Агрба диит 1935 ш. ииуль 27 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Ашкол дҭалеит 1943 ш., аҵара иҵон Кәтолтәи ихарҭәаам абжьаратә школ аҟны. 1950 ш. иҵара иациҵеит Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҟны. Аҩбатәи акласс аҟны дантәаз аҧсышәала аҵара аанкыланы ақырҭшәахь ииаган. В. Агрба ашкол далгеит 1954 шықәсазы. А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1959), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантура (1965). 1959-1961 ш. ш. раан Кәтолтәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны дырҵаҩын. Аспирантура даналга акәзар, хышықәса усурҭада дыҟан. 1968 ш. аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дрыдыркылеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аҧсуаҭҵаара аинститут) аҟны, 1975 ш. нахыс – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 2012 ш. раахыс – усзуҩы хадас.
Иҭҵаарадырратә статиақәеи ишәҟәқәеи рызкуп Д. Гәлиа, Ж. Ачба, Гь.Чачба, С. Ҷанба, М. Лакрба, Кь. Чачхалиа, Б. Шьынқәба, А. Аџьынџьал, М. Миқаиа, Р. Лашәриа, Е. Ажьиба, И. Аҳашба, Гә. Сақаниа, Гә. Кәыҵниа уҳәа егьырҭгьы рырҿиамҭақәа, иара убас алитература-фольклортә еимадарақәа.
Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан иҭижьыз ашәҟәқәа иреиуоуп: Абхазская поэзия и устное народное творчество, Тбилиси, 1971, Ашәҟәыҩҩи жәлар рырҿиамҭеи. Алитера-ҭҵааратә статиақәа. Аҟәа, 1977; Аҧсҭазаареи ахәрыбӷьыци. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1980; Из истории дореволюционной абхазской литературы. Сухуми, 1988; Р. Лашәриа. Арҿиаратә потреҭ. Аҟәа, 2013; Б. У. Шьынқәба ипоезиеи жәлар рҿаҧыц рҿиамҭеи. Аҟәа, 2014.


