Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ИҬЫҴИТ АҴАРАУАҨ ВИАЧЕСЛАВ БИГӘАА ИШӘҞӘЫ ҾЫЦ





10.09.2020

Ааигәа Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭаҿы иҭыҵит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корресподент, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу, акыр шықәса раахыс Москва, А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аҟны аус зуа Виачеслав Бигәаа акыр шықәса еизигоз, аус здиулоз зеиҧш ыҟам ашәҟәы «Алашара». 1955 – 2012».

Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А.М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститути Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститути ргриф ала иҭыжьу ашәҟәы аҟны иаарҧшуп, ицәыргоуп Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитература-сахьаркыратә журнал «Алашара» 1955-2012 шықәсқәа ирыҵанакуа аҭоурых, ианҵоуп раҧхьаӡа акәны инарҭбааны еиқәыршәоу абиблиографиа. Аматериалқәа кьыҧхьуп аҧсышәалеи урысшәалеи (еиҭагам ажәеинраалақәа рыхьӡқәа роуп). 1955 шықәса инаркны иааиҧмырҟьаӡакәа иҭыҵуа алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» адаҟьақәа рҟны, ишаҧыз еиҧш, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа реиҳараӡак раҧхьаӡа акәны иркьыҧхьуан, иахьагьы ус ауп.

Аҭыжьымҭа автор инарҭбааны иааирҧшуеит уи аҧшьгареи, аҭыжьра ахацыркреи, ашьақәгылареи, аҿиареи рҭоурых етап-етапла, даҽакала иуҳәозар, аҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи азбжеи аҩажәиактәи ашәышықәса алагамҭеи ирымҽханакуа аамҭазы амилаҭтә литература аҭоурых адаҟьақәа, апоетцәеи апрозаикцәеи аӡәырҩы рырҿиаратә мҩа. Убри ала егьарҵабыргуеит аҧсуа литература аҿиара амҩан, амилаҭтә культура аизырҳараҿы ажурнал «Алашара» иааннакыло аҭыҧ, уи алагала ҟаимаҭ.

Ашәҟәы аҧхьаҩцәа, иахьеи-уахеи уи зхы иазырхәо рзы аиқәыршәашьа даараӡа иманшәалоуп. Аенциклопедиатә ҭыжьымҭақәеи еиуеиҧшым ажәарқәеи реиқәыршәараҿы аҧышәа ду змоу аҧсуа ҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ В. Бигәаа илоу аҟазара араҟагьы ианыҧшит. Избан акәзар, ахархәараҿы даара имҩақәҵагоуп. Ажурнал «Алашара» иазку аҭоурых анаҩсан, абиблиографиа ашҟа ҳаиасуазар, аҭыжьымҭа еихшоуп абас еиҧш иҟоу ахәҭақәа рыла: апоезиа; апроза; адраматургиа; аиҭагақәа; ашәҟәыҩҩцәа рпублицистика (астатиақәа, аочеркқәа, амшынҵақәа, агәалашәарақәа); алитератураҭҵаареи акритикеи (аҧсуа литературеи ашәҟәыҩҩцәеи ирызку егьырҭ аматериалқәа); афольклор; афольклорҭҵаара; абызшәадырра; аҭоурыхҭҵаара (аҭоурых иадҳәалоу егьырҭ аматериалқәа); аҭоурыхдырра; аетнографиа (ажәлар рыбзазашьа, рҵасқәа, рқьабзқәа аазырҧшуа егьырҭ аматериалқәа); археологиа; аҟазара (атеатри, ашәаҳәареи акәашареи, асахьаҭыхыҩцәеи егьырҭ акультура аусзуҩцәеи ирызку аматериалқәа); арҵара-ааӡара иазку аматериалқәа; аҧсуа культуреи анаукеи ирызку астатиақәеи аматериалқәеи; астатиақәеи аочеркқәеи Аҧсны ауаажәларратә ҧсҭазаареи, ақыҭанхамҩеи, аекономикеи, амедицинеи, аспорти, атуризми, аҧсабареи ирызку; еиуеиҧшым астатиақәеи аинформациақәеи; абиблиографиатә рбагақәа («Алашара» ианылаз аматериалқәеи иҭыҵыз ашәҟәы ҿыцқәеи рырбагақәа).

Ахәҭақәа ирыҵанакуа акьыҧхь збахьаз авторцәа рҩымҭақәа рыхьӡқәа зегьы хаз-хазы алфавитла иарбоуп. Ари автор ижәла аҧшаара арманшәалоит.

Хымҧада, ашәҟәы лагала бзиоуп, хәарҭара дугьы алоуп аҧсуа жәлар рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ҭызҵаауа, иазлымҳау, урҭ рхыҧхьаӡараҿы – абиблиотека аусзуҩцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа уҳәа зегьы рзы.

Инамҩатәны иазгәаҭазар ахәҭоуп аҵарауаҩ илшамҭақәа рахьтә акык-ҩбак.

2013 шықәса раахыс адунеитә литература аинститути Аҧсуаҭҵааратә институти рҟны ҭҵаарадырратә усзуҩык иаҳасабала иусурақәа еилеигӡоит. В. Бигәаа Москва иҭыжьыз аенциклопедиа «Шамиль» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс даман, авторцәагьы дыруаӡәкуп. «Аҧсуа поезиа антологиа ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, 2009) аредакторцәа дыруаӡәкуп. Аредколлегиа иалаз иаҳасабала «Адыга (Ачерқьес) Енциклопедиа» аҭыжьра азырхиара далахәын, «Кто есть кто» аҟәшаҿы ианылаз кавказҭҵааҩцәа аӡәырҩи, аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рбиографиақәа авторс дрымоуп. Аҵарауаҩ икьыҧхьхьеит аҧҵаарадырратә шәҟәқәеи астатиақәеи жәпакы. Урҭ рызкуп аҧсуа-адыга жәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи, Д.Гәлиа, С.Ҷанба, Б.Шьынқәба, О.Беигәаа, Ф.Искандер, А.Гогәуа, С.Зыхәба, В.Амаршьан, А.Џьениа, Џь. Аҳәба уҳәа рҩымҭақәа. Истатиақәа, Аҧсны еиҧш, иркьыҧхьхьеит Урыстәылатәи еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа рҟны.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан хазы шәҟәқәаны Москва иҭижьхьеит: «Ашәышықәса анҵәамҭазы… (Ҳаамҭазтәи апублицистика иахылҵыз ахәыцрақәа); «Абхазская литература в историко-культурном контексте. Исследования и размышления»; «Абхазский исторический роман. История. Типология. Поэтика»; «Абхазская литература и литературы народов Северного Кавказа. (Историко-культурный контекст. Диаспора);

В. Бигәаа аханатә еиҧш аҧсуа ҭҵаарадырреи адоуҳатә культура аҿиара далахәуп, есааира аҧхьаҩцәа ҳамҭас ириҭоит ишәҟәы ҿыцқәа, абжьааҧнеиҧш, Аҧсни Урыстәылеи лассы-лассы истатиақәа рнылоит еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа. Еиҳау ақәҿиарақәа изыҧшызааит инапы злаку аҭҵаарадырра аус аҟны.

Ашәҟәы арецензиаҟаҵаҩцәас иамоуп: афилолгиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидатцәа Б. Зулумиан, М. Скороходов.