Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

МУШЬНИ ЛАШӘРИА ИАХЬ АДНЫҲӘАЛАРА





17.01.2023

А Д Н Ы Ҳ Ә А Л А Р А

Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа!

Аҧсны жәлар рпоет, аиҭагаҩ., алитератураҭҵааҩ, акритик, ауаажәларратә усзуҩы Мушьни Таииа-иҧа Лашәриа, гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит 85 шықәса шәхыҵра. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны жәлар рпоет, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, абжьааҧнеиҧш шәыжәлар рыгәҭа шәгылоуп. Апоезиеи алитератураҭҵаареи рҟны еиҧш, шәылшамҭақәа шьардоуп аиҭагара аус аҟны. Ш.Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәылатәи Аҳәынҭқарратә премиа шәанашьан уи ипоема «Абжьас-цәа зшәу» аиҭагаразы. Аурыс-аҧсуа литературатәи акультуратәи еимадарақәа рырӷәӷәаразы акәзар,  ишәанашьоуп А. С. Пушкин имедал, иара убас А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи апремиа, Урыстәылатәи апатриархтә алитературатә премиа. Шәырҿиаратәи шәуаажәларратәи усура ҳтәылаҿы ахәшьара бзиа аиухьеит, ишәанашьоуп аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: «Ахьӡ-Аҧша» аорден II, III аҩаӡарақәа, шәылшамҭақәа азгәаҭаны ишәаҭәашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара.

Рҿиаҩык иаҳасабала шәышьақәгылара акыр иацхрааит, иханарҭәааит шәҿара ашықәсқәа раан, Аҧсны еиҧш, Москва ишәырҳаз адырра. А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институти Адунеитә литература аинститут аспирантуреи шәрылганы Аҧсныҟа шәаныхынҳә гәацҧыҳәарала алитературатәи аҭҵаарадырратәи ҧсҭазаара аӡәы ҳәа шәналагылеит. Москва, Адунеитә литература аинститут аҟны ишәыхьчаз акандидаттә диссертациагьы абаҩхатәра ҷыда злаз апоет қәрахьымӡа И. Коӷониа ирҿиамҭақәа ирызкын.

Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус ахьыжәуазаалакгьы - агазеҭ «Аҧсны» («Аҧсны ҟаҧшь») аредакциаҿы, ажурнал «Алашара» аҟәша аҟны, иара убас ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредактор хадас, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс шәаныҟаз акәзааит, қәҿиарала шәыҧсадгьыли шәыуаажәлари рымаҵ жәуан.

2003 шықәса раахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩыс шәыҟоуп. Шәнапхгарала иҭыҵуа ажурнал «Аҟәа-Сухум», агазеҭ «Еҵәаџьаа» апериодикатә кьыҧхь иахәҭакуп, аҧхьаҩцәагьы рызҿлымҳауп.  Шәҽыззышәкуазаалакгьы, аханатә еиҧш, еснагь ишәыцуп баҩхатәрала ишьҭышәкааз апоезиа. Уи ашҟа шәхьазырҧшыз, ишәылаз аҟыбаҩ ҷыда ацәыргараҿы ишәыцхрааз, шәгәы азҭазҵаз Д. Гәлиа, И. Коӷониа, Б. Шьынқәба уҳәа рҩымҭақәа ҩашьара ақәымкәа доуҳамчк шәыларҵеит. Аҧсуа поезиаҿы ишьақәгылоз атрадициақәа еихазҳаз шәыруаӡәкуп.

Акыр шықәса раахыс аҭҵаарадырра амаҵ ахьыжәуа Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҟны акәзаргьы, алитература аҟәша напхгара ашәҭоит. Аӡыхь еиҧш зны иныҵхәрааз шәпоезиеи шәареи шәеимҩалацәоуп. Уаанӡеиҧш, Аҧсни Урыстәылеи иҭыҵуа  ажурналқәеи агазеҭқәеи лассы-лассы ирнылоит шәҩымҭақәа, хазы иҭыҵуеит аурысшәахь еиҭагоу шәышәҟәқәагьы. Ари амҩа шәшаныц шәануп. Шәара шәаҧшьгарала 2001, 2009 шықәсқәа раан иҭыжьу «Аҧсуа поезиа антологиа» акәзар, иналукааша хҭысны иҟалеит алитературатә ҧсҭазаараҿы. Шәажәеинраалақәа, шәпоема «Ашаеҵәа»,  иажәеинраалоу ароман «Аџьынџь»  ҳлитератураҿы  аҭыҧ ҷыда ааныркылоит.

 Ҳаҭыр зқәу Мушьни Таииа-иҧа, шәырҿиара алацәажәараан аганахь ныжьшьа амаӡам аиҭагара аус аҟны шәылшарақәа. Аҧсышәала ишәырцәажәеит Ш.Русҭавели ипоема «Абжьас-цәа зшәу». Адунеитә литература абаҟақәа ракәны иҧхьаӡоу аҳәаанырцәтәи апоетцәа дуқәа аӡәырҩи рҩымҭақәа аҧсшәахь еиҭаганы иҭшәыжьхьеит. Иалкааны иазгәаҭатәуп Абиблиа аҩбатәи ахәҭа «Ауасиаҭ ҿыц», А. Пушкин ироман «Евгени Онегин», М. Лермонтов ипоемақәа «Мцыри», «Демон», Џь. Баирон ипоема «Шилонтәи атҟәа», Г. Лонгфелло ипоема «Гаиавата изы ашәа». Шәхатәы рҿиамҭақәа ракәзар, аурыс ҧхьаҩы идыруеижьҭеи акыр ҵуеит. Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан Москва иҭыҵхьоу ажәеинраалақәеи апоемақәеи еидызкыло шәышәҟәқәа иреиуоуп: «Ахаҳә аҧсра», «Акалмаҳаи аҟармаҵыси», «Ахьтәы-уасцәа», иажәеинраалоу ароман «Аџьынџь», апоема «Ашаеҵәа». Урҭ аурысшәахь еиҭаргеит ажәа азҟазацәа: Ф. Искандер, С. Куниаев, Ан. Передреев, И. Кузнецов, М. Синельников, Н. Ванханен уҳәа егьырҭгьы.

 Абжьааҧнеиҧш, аҩымҭа ҿыцқәа рыла ҳаҧхьаҩцәа шәыргәырӷьоит.  Еснагь арҿиара агәацҧыҳәара шәыцзааит, агәабзиареи агәамчи шәыгымзааит, аҧсуа иқәра наӡа нышәҵааит, шьардаамҭа шәыжәлар шәрылагылазааит!

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла