27.05.2020
Еицырдыруа аԥсуа поет, апрозаик Ҷиҷико Џьонуа диижьҭеи 105 ш. ҵит.
Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа диит (27.05. 1915) иахьатәи Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳаблан (иԥсҭазаара далҵит – 25.10.1915). СССР-и (1952) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан. Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа (ажәеинралақәеи апоемеи еидызкыло ашәҟәы «Сышьха мҩа» азы) ианашьоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) далахәын.
Аҵара иҵон Аимаратәи алагарҭатә школ аҟны, уи нахыс – Аҭареи Мықәи ршколқәа рҟны. 1931 ш. даанахәеит Аҟәатәи адраматә студиа. 1935 ш. Ш. Руставели ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иҟаз адраматә студиа даднакылеит. 1939ш. иҵара анхиркәша аус иуан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорс. 1941 ш. афронт ахь дцоит, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа далахәын, еилгаанӡагьы Аҧсадгьыл ихьчон. Аҧсныҟа даныхынҳә, аусура далагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы. 1957-1966 шш. раан ажурнал «Амцабз» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс дыҟан. 1966-1977 шш. рзы ажурнал «Алашара» аредактор хадас аус иуан.
1936 ш. инаркны акьыҧхь аҟны дцәырҵит. Иҩымҭақәа рнылон ажурнал «Алашара», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» уҳәа рҟны. Ҷ. Џьонуа иажәеинраалақәа жәпакы агәылоуп «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001; 2009).
Ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, аповестқәеи, апиесақәеи, агәалашәарақәеи еидызкыло ишәҟәқәа жәпакы ҭыжьуп.


