21.03.2020
Акыр иап,соу апоетцәа, ап,суа поезиа абзиабаҩцәа, амилаҭтә доуҳатә культура ҳаҭыр ззақәу зегьы, гәык-п,сык ала ишәыдаҳныҳәалоит апоезиа Адунеизегьтәи Амш! Асахьаркыратә ажәа арҿиаҩцәа, агәабзиареи агәамчи шәыгымзааит, еснагь аҩымҭа ҿыцқәа раԥҵара агәацԥыҳәара шәыцзааит.
ИуНЕСКО 1999 ш. ноиабр 15 рзы иаднакылаз аӡбамҭала март 21 азы адунеи атәылақәа реиҳарак рҟны иазгәарҭоит ари амш. Ҳтәылаҿы акәзар, Апоезиа Адунеизегьтәи Амш Ап,сны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ап,шьгарала иазгәарҭоит 2011 ш. раахыс. Уи рҽаладырхәуеит апоетцәа реип,ш, алитераторцәа ҿарацәа, апоезиа абзиабаҩцәа. Хықәкыс иамоу ҳаамҭазы алитература аҭып, ҷыда шааннакыло ауаажәларра дырдырра, уи абзиабара рылааӡара ауп, насгьы агәҭакы хада акәны иҟоуп абаҩхатәра змоу ахьӡ ҿыцқәа ралп,шаара, рцәыргара, рхаҵгылара, амҩа иаша рзылхра.


