Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

МАҲИНУР ПАПАԤҲА – 75 ш. ЛХЫҴИТ





27.04.2025

Ашәҟәыҩҩы, аҭҵааҩы, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, иахьа Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора иналукааша ахаҭарнакцәа ируаӡәку, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭа «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳинур Папа-ԥҳа 75 шықәса шәхыҵра аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы рыхьӡала гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит, ашықәсрацәа нышәҵааит.

Ҭырқәтәыла, Билеџьықь иаҵанакуа Алынџьа ақыҭан ииз, акыр шықәса раахыс Сҭампыл инхо, шәҭоурыхтә ԥсадгьыли шәыуаажәлари шәрызҿлымҳауп. Иааиԥмырҟьаӡакәа Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи рыԥсадгьыли реигәныҩра шәазааԥсоит, акыр шәаԥшьгарақәагьы еицырдыруеит. Сҭампылтәи аԥсуа культуратә хеидкыла анапхгараҿ шәаныҟаз акәзааит, уи ашьҭахьгьы аԥсуаа реидкылара, рмилаҭ хдырра ашьҭыхра, рыԥсадгьыл разхьарԥшра акыр шәазааԥсон, ари аус ԥшьа иахьагьы игәыгәҭашәыжьуам. Шьарда ҵуеит Аԥсны шәаҭаауеижьҭеи, шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәареи шәеибабоижьҭеи. Ара ҳаҭыр дула ишәзыҟоу аҩызцәа аӡәырҩы шәырҳаит.

Забшьҭра Аҧсны, Дал-Ҵабал иҭыҵыз иреиуоу, Сҭампылтәи ауниверситет алитературатә факультет иалгаз аԥсуа ԥҳәызба, аханатә шәҭаацәа ишәыларааӡаз Аԥсуара Омар Беигәаа идунеи шәазааигәанатәит.

Шәыҭҵаараҿы аҭыҧ ҷыда ааннакылоит О. Беигәаа ирҿиара. Шәанқәыԥшыз  ижәдырыз ашәҟәыҩҩы-аҵарауаҩ иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзынӡагьы аус ицура шәылшәыршеит. Шәааҧсара маҷымкәа иадышәҵеит ҭырқәшәала иҩыз Омар иусумҭақәа аҧсшәахь реиҭагара. Авторс шәамоуп О. Беигәаа ирҿиара иазку, хазы шәҟәны аԥсышәала иҭыҵхьоу инеиҵыху аочерк «35 шықәса Омар Беигәаа иаандаҿы».

Аԥхьаҩцәа азҿлымҳаны ирыԥхьоит ажурнал «Алашара» ианылауа шәажәабжьқәа, аҧсуаа рҭоурыхи ркультуреи ирызку шәыстатиақәа. Ҭырқәшәала иҭшәыжьхьоу «Аҧсилиеи Ҵабали», «Раҧхьатәи аҭырқәа ҧҳәыс-асахьаҭыхҩы Миҳри Расим (Миушьфиқ) Ачба)» ракәзар, имҩашьауа шәбаҩхатәра рныԥшуеит. Аҭырқәшәахь еиҭажәгахьоу аҧсуа фольклортә текстқәа, аҧсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыҭҵаарадырратә усумҭақәа, рсахьаркыратә ҩымҭақәа иреиуоуп: «Нарҭ Сасрыҟәеи ҧшьынҩажәи зеижәҩык иашьцәеи», «Аҧсуа жәлар репос», Б. У. Шьынқәба аус адуланы ииҩыз «Абрыскьыл», С. Л. Зыхәба ишәҟәы «Аҧсуа лакәқәа», В. Л. Бигәаа – «Аҧсны аҭоурых», В. Џь. Амаршьан иҭоурыхтә роман «Аҧсҳа» уҳәа егьырҭгьы. Абри ала, Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа рыҩнуҵҟа еиԥш, инарҭбааны аҭырқәа ԥхьаҩы идырит ҳажәлар рҭоурыхи рдоуҳатә культуреи.

Аԥсны еиԥш, Ҭырқәтәылан ибзианы шәырдыруеит шәырҿиаратәи шәуаажәларратәи усурала. Абасала Ҭырқәтәылатәи аԥсуааи Аԥсни цҳас шәрыбжьоуп. Аԥсуа доуҳатә культура аҿиара шәалахәуп, ҳаԥхьаҟагьы  еиҳау аихьӡарақәа шәымазааит.