20.11.2019
Аҧсны жәлар рпоет, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Нели Золотинск-иҧҳа Ҭар-ҧҳа диижьҭеи 85 шықәса ҵит.
Н.Ҭар-ҧҳа диит 1934 ш. ноиабр 20 рзы Гәдоуҭа араион Дәырҧшь ақыҭан, еицырдыруаз, хьӡи-ҧшеи змаз Золотинск Ҭарба иҭаацәараҿы. Лқыҭа гәакьаҿы абжьаратәи ашкол даналга, 1954 ш. дҭалоит А.М.Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт. Арҵаҩы изанааҭ лыманы 1959 ш. иреиҳау аҵараиурҭа даналга еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус луан Аҧснытәи аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аҟны редакторс, редактор еиҳабыс, адиректор ихаҭыҧуаҩс. Анаҩс акыр шықәса Аҧсны Ахәыҷтәы фонд ахантәаҩыс дыҟан.
Асахьаркыратә литератураҿы қәҿиарала зшьаҿақәа еихызгаз Н.Ҭар-ҧҳа ианлаамҭаз аҭаацәара далалеит, рыҧсҭазаара еиларҵеит еицырдыруа апоет, ауаажәларратә усзуҩы Кәымф Ломиеи лареи. Урҭ ирыхшеит ҧшьҩык ахшара: хҩык аҧҳацәеи ҧаки.
Аҳәса рахьтә раҧхьатәи апоет Н.Ҭар-ҧҳа акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1950-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. 1955 ш. акәзар, иҭыҵит лажәеинраалақәа еидызкылаз раҧхьатәи лышәҟәы «Бзиа избоит амҩа». Анаҩс, лассы-лассы иҭыҵуан лажәеинраалақәеи, лбалладақәеи, лпоемақәеи, лпрозатә ҩымҭақәеи еидызкылоз лышәҟәқәа: «Ааҧынра агәы», «Ақәыҧшреи агәҭыхеи», «Аҧа», «Аҽыхәа иаҵәа», «Сабацәа рашәа», «Ашьыжь шана», «Ажәеинраала ҿыцқәа», «Ажәеинраалақәа, абалладақәа», «Ақәра», «Ихәу ашәҟәы» уҳәа егьырҭгьы. Аҧхьаҩцәа еицырдыруа иҟалеит иара убас раҧхьатәи лпрозатә ҩымҭақәа «Маҵиса», «Бзыҧтәи аповест», «Аҧсымра». Лҩымҭақәа ирныҧшуеит лыжәлар рахь илымаз абзиабара, насгьы инарҵауланы ишылдыруаз урҭ ржәытә-рҿатә, рҵас-рқьабз, рмилаҭтә традициақәа. Лпоезиа еилыхха ианлырҧшуеит лыҧсадгьыли лыжәлар гәакьеи дшырзыҟоу, ргәырӷьареи реихьӡарақәеи гәадурас ишлымаз, рхьаа акәзар, ларгьы ишылхьааз. Аоетесса апоезиа даҽа цәак ахалҵеит, даҽа гәкырак аҵубаауа ацәыргашьа дақәшәеит, ианыҧшуеит аҧҳа, ан, анду лгәыразра, лгәыҭбаа иаҵаҵәаху аҧхара. Лпрозатә рҿиамҭақәа рҟны акәзар, Н.Ҭар-ҧҳа илыллыршоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ашьҭахь аҧсуа қыҭа аҿиашьа, аҧсҭазаара инарҵауланы аҵабырг аарҧшра. Апоет лпублицистикагьы еицгәарҭеит, лочеркқәа рызкын аҧсҭазаара аилашыра иалагылаз, зааҧсарақәа ыҟаз ауаа. «Дәырҧшь, уара уҵеицәа» акәзар, лқыҭа гәакьа еиуаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Аҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ирызкуп.
Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа раан еиҳагьы иааҧшит Н.Ҭар-ҧҳа лырҿиара амҽхак. Қәҿиарала илыцааиуан аҧсҭазаара инарҭбааны уагәылазырҧшуа аҩымҭақәа раҧҵара. Ароман-дилогиа «Амшын ҳәынҭқар Ҳаиҭ» азы иланашьан Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа.
Н. Ҭар-ҧҳа лырҿиаратә мҩа акыр ишыҭбаау арҵабыргуеит адраматургиа ажанр аҟны ақәҿиарақәа ахьаалырҧшыз. С.И.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылахьеит лпиессақәа ирылху аспектакльқәа: «Ашәа аҧҵара мариам», «Амра аҧҳа».
Апоет, апрозаик Н.Ҭар-ҧҳа лҩымҭақәа акыр шықәса раахыс Аҧсны анҭыҵгьы еицырдыруеит. Урыс бызшәала Москва иҭыҵхьеит лажәеинраалақәа реизгақәа: «Белый конь», «Капля в море», «Сердце весны», лповестқәа еидызкыло ашәҟәы «Апсымра – солнце мертвых». Лҩымҭақәа еиҭаган егьырҭ абызшәақәа рахьгьы.
Н.Ҭар-ҧҳа деицырдыруеит еиҭагаҩык лаҳасабалагьы. Аҳәаанырцәтәи авторцәа рҩымҭақәа рыла илырбеион ҳмилаҭтә литература. Аҧсшәахь еиҭалгеит И.Фучик, Антуан де Сент-Екзиупери, И.Ианнакопуло реиҧш, егьырҭ арҿиаҩцәа рҩымҭақәа. Аҧсуа сценаҿы иқәыргылан, иаагозар, Н.Островски иҩымҭа «Асҭыҧҳа», Л.Украинка лаҧҵамҭа «Абна ашәа».
Н.Ҭар-ҧҳа лыҧсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи мҽхакы ҭбаала ишеиларсу шьақәнарӷәӷәоит абжьаратә школқәа рзы акыр арҵагатә шәҟәқәа редакторк лаҳасабала лнапы иахьыҵылххьаз. Уи инаҷыданы ахархәара амоуп лхаҭа еиқәлыршәаз арҵага шәҟәы.
Акыр шықәса инеиҧынкыланы Н.Ҭар-ҧҳа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахадара далан, ахәыҷтәы журнал «Алашара» аредколлегиа аилазаараҿы дыҟан. Аҧсны алитературатә, акультуратә ҧсҭазаара иалагылаз арҿиаҩы ааҧсарада лыҧсадгьыли луаажәлари рымаҵ луан. Аҧсны анҭыҵ – Урыстәылан еиҧш, аҧсуа диаспорақәа ахьынхо Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа акыр дныҟәахьан, ҳџьынџьуааи лареи акырынтә еиқәшәақәахьан, рыҧсадгьыл разхьаҧшразы, агәыблра дыркразы лылшамҭақәа еицырдыруеит. Лара лнапхгарала еиқәыршәаны Аҧсны иҭыҵхьеит Омар Беигәаа иажәеинраалақәа реизга» Сҭампылтәи аҧсыуа бжьы».
1955 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа акьыҧхь рбахьеит 20 инареиҳаны Н.Ҭар-ҧҳа лышәҟәқәа. Урҭ рыла аҧсуа милаҭтә литератураҿы имҩашьауа лышьҭа аанлыжьит.
Нели Золотинск-иҧҳа Ҭар-ҧҳа лыҧсҭазаара далҵит 2014 ш. ианвар 29 рзы.


