Нобель ипремиа (2017) ианашьоуп Британиатәи ашәҟәыҩҩы Кадзуо Исигуро. Хылҵшьҭрала иапониаа дреиуоуп. 1954 ш. диит Нагасаки (Иапониа). 1960 ш. иҭаацәа нхара ииасит Британиаҟа. Уаанӡагьы Кадзуо Исигуро еиуеиҧшым алитературатә премиақәа ианаршьахьан. Иҩымҭақәа еиҭагоуп 40 инареиҳаны егьырҭ абызшәақәа рахь.


