Аҳәаанырцәтәи аҧсуаа иналукааша рхаҭарнак, аҵарауаҩ, арккаҩы, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, абызшәадырҩы, ашәҟәыҩҩы, анџьныр, апатриот ду Омар Бирам-иҧа Беигәаа (1901–2001) диижьҭеи 125 шықәса ҵит.
Омар Беигәаа диит 1901 ш. Ҭырқәтәыла, Диузџье араион Ҳаџьы Сулеиманбеи ақыҭан. Иаб Бирам азеижәтәи ашәышықәсазы Аҧснынтә, Аҟәа иазааигәаз Абжьаҟәа ақыҭантә ихдырҵәаз дреиуан. Ихаҭа алицеи аҟны иҵара аныхиркәша Сҭампылтәи абна нхамҩа иреиҳау ашкол далгеит (1901). Ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡареи Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи.
XX ашәышықәса актәи азыбжазы Ҭырқәтәылан ахатәы бызшәа, амилаҭтә культура реиқәырхареи рырҿиареи рзы аҭагылазаашьақәа шыманшәаламызгьы, ицәырҵуан Аҧсуара ахьчара иазыҳаҵҳаҵоз аӡәык-ҩыџьак аҵара дуқәа змаз аҧсуа интеллигентцәа. Убарҭ дреиуан О. Беигәаа.
Омар раҧхьатәи аҩыра (анбан) ихы иаирхәон 1928 шықәсанӡа, аҭырқәа ҩыра алатин графикахь ииаргаанӡа. Нас иара алаҭин ҩыра ихы иархәаны алфавит ҿыц ҟаиҵеит, уи акәын ихы иаирхәозгьы. Дышнеи-шнеиуаз Аҧсны рхы иадырхәоз, аурыс графика шьаҭас измаз анбангьы иҵеит.
XX ашәышықәса аҽеиҩшамҭа инаркны Ҭырқәтәылан аполитикатә ҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит; ашьхаруаа кавказтәи акультруатә хеидкылақәа маҷымкәа еиҿыркаауа иалагеит, напы адыркит (ҭырқәшәала акәзаргьы) агазеҭқәеи, ажурналқәеи, еиуеиҧшым ашәҟәқәеи рҭыжьра.
Омар Беигәаа иҧсы ахьынӡаҭаз игәы иҵхоз рацәан, абасгьы иҳәон иара: «...Аҧсыуара ашьақәырхаразы иыҟаҵатәыу раҧхьа иыгылау ауыс џьара рҽеизгара ауп. Жәларык рҽеизганы реикәатәара тәым тәыланк аҿы иақәыиҭхаом. Уыи атәымтәылан зхатәыу ажәлар дыу ирадраӡаом...». (Беигәаа Омар: «Сара саҧсыуарала ауп сыҧсабара злахаау». Автобиографиатә очерк...).
Абызшәа азҵаарақәа рҟны мацара даанымгылеит Омар Беигәаа; иара иеиликаауан абызшәа ишамадоу, ишаҵаҵәахыу аҧсуаа ажәытәӡатәи рҭоурыхи рмифологиеи.
Омар Беигәаа жәашықәсала инапы злакыз аҭҵаарадырратә усура алҵшәақәа ипоезиа ианымҧшыр залшомызт. Шамахамзар исахьаркыратә ҧҵамҭақәа зегьы ҩуп аҧсышәала (иҟоуп ҭырқәшәала иҩу жәеинраалақәакгьы). Иахьа уажәраанӡагьы иажәеинраалақәа зегьы ҭыжьӡам. Аҧхьаҩцәа аӡәырҩы ирдыруагьы, дара рҟынӡа рнеишьа амҩа уамашәа иубаратәы иҟоуп. Ишдыру еиҧш, Омар еснагь дзызхьаауаз иҧсадгьыл Аҧсни иареи раҧхьаӡакәны еиниеит 1975 шықәсазы. Убри нахыс Аҧснытәи амилаҭтә интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩи иареи лассы-лассы ашәҟәқәа рыбжьысуа иалагеит. Аҧсныҟа иааишьҭуаз ишәҟәқәа рҟны ианиҵон иажәеинраалақәакгьы. Уаанӡагьы (1960-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы) акык-ҩбак иҩымҭақәа Аҧснынӡагьы иаахьан. Иҩымҭақәа изныкымкәа ирнырҵеит ажурналқәа: «Алашара», «Аҟәа–Сухум»; агазеҭқәа: «Аидгылара», «Еҵәаџьаа» убас егьырҭгьы. Апоет иажәеинраалақәа акыр кьыҧхьын «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашәышықәса» аҟны (Аҟәа–Москва, 2001; 2-тәи аҭыжьра — 2009). 1990 ш. Аҟәа иҭыҵит О. Беигәаа раҧхьатәи иажәеинраалақәа реизга «Асҭампылтәи аҧсыуа бжьы» (иеиқәдыршәеит В. Агрба, Р. Агәажәба, Џь. Аҳәба, В. Аҵнариа; аҧхьажәа лҩит Н. З. Ҭарҧҳа). 2006 ш. Аҟәа И. Р. Марыхәба иеиқәыршәаны, аҧхьажәагьы ацҵаны иҭижьит ашәҟәы «Омар Беигәаа Аҧсныҟа иааишьҭыз иҧсҭынхатә шәыҟәқәа (XX ашәышықәса 70–80-тәи ашықәсқәа рзы)».
Апоет ажәеинраалақәа иҩуан 15–16 шықәса анихыҵуаз инаркны. Уи иҩымҭақәа рҟны иуҧылаӡом аидеологиа згәылжжуа ацәаҳәақәа. Уи идиологиас имаз Аҧсуара заҵәык акәын.
Урҭ рҟынгьы апоет ихы иаирхәоит ажәаҧҟақәа, егьырҭ ицәаҳәақәа жәпакы афористикатә ҟазшьа рымоуп. Иажәеинраалақәак рҟны инарҭбааны ахархәара амоуп Абрыскьыл ихаҿсахьа.
Арҿиаҩы аҧхьаӡа инаргыланы игәы иҵхоз аҧсадгьыли, ажәлари, Аҧсуареи, ахатәы бызшәеи реиқәырхара акәын, иҧсҭазаарагьы урҭ ирзикит.
Омар Беигәаа иусумҭақәеи, исахьаркыратә ҩымҭақәеии, Аҧсныҟа иааишьҭхьаз асалам шәҟәқәеи, егьырҭ иҭҵаамҭақәеи еидызкыло хә-шәҟәык еизганы 2021 шықәсазы «Иҩымҭақәа» ҭнажьит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут (аредактор хадас дрымоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Виач. Бигәаа).
Омар Беигәаа иҧсҭазаара далҵит 2001 шықәсазы, анышә дамадоуп Сҭампыл.


