Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

РУСЛАН ҚАПБА 85 Ш. ИХЫҴИТ





14.04.2020

Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, СССР-и, Аԥсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа занашьоу Руслан Хәанеи-иԥа Қапба 85 ш. ихыҵит. Аҵарауаҩ иҭижьхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ алитератураҭҵаареи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәеи ирызкуп. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьи рыхьӡала ииубилеи идаҳныҳәалоит, агәабзиареи, ақәранҵыра дуи, еиҳау ақәиарақәеи иаҭәашьазааит.