14.0.2025
Жәашықәсала аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси ирзааԥсахьоу алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист Руслан Хәанеи-иҧа Қапба 90 шықәса шәхыҵра аиубилеи гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит.
Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу (аҭҵаарадырра-критикатә статиақәа реизга «Аҧсадгьыл ҧсыс иахоу» азы, 2014) аҵарауаҩ аԥсуа милаҭтә культура арҿиара шьарда шәазааԥсара аҳәынҭқарра аҟнытә ахәшьара бзиа аиухьеит. Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015) ҳәа ахьӡ шәыхҵоуп. СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рлахәыла, аханатә еиԥш, аҭҵаарадырра шәнапы алакуп, шәусумҭа ҿыцқәа ҭыҵуеит.
Аамҭа хьанҭа шәшалиаазгьы, аҵаралашара шәҽазышәкит, А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет аҧсуа-аурыс ҟәша шәаналга (1959) корректорс аусура шәалагеит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциаҿы, ашьҭахь арҵаҩцәа реиҭазыҟаҵара Қарҭтәи аинститут Аҟәатәи афилиал аҧсуа бызшәеи алитературеи ркабинет шәеиҳабын. 1961 ш. ҩаԥхьа шәиасит агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» акультуреи абзазареи рыҟәша алитературатә усзуҩыс. Уи нахыс - еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аус жәуан: ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс, ажурнал «Ашколи аҧсҭазаареи» аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩс, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 1989 ш. инаркны аинститут аҟны шәусура инаҷыданы Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет аҟны астудентцәа аҧсуа литература аҭоурых иазкны алекциақәа шәырзаԥхьон. Иахьа Аԥсуаҭҵаара аинститут алитература аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩы нага ҳәа шәыԥхьаӡоуп.
200 инареиҳаны астатиақәеи аочеркқәеи авторс шәрымоуп, еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ҩажәижәаба инареиҳаны ашәҟәқәа ҭшәыжьхьеит. Урҭ аҧсуа литература аҭоурыхи, ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәеи, аҵарауаа русумҭақәеи ирызкуп. Зыҧсҭазаареи зырҿиареи ҭышәҵаахьоу иреиуоуп: Қь. Агәмаа, Л. Кәыҵниа, И. Папасқьыр, Л. Лабахәуа, С. Қәычбериа, М. Лакрба, Шь. Аџьынџьал, В. Анқәаб, Г. Гублиа, А. Возба, Хә. Бӷажәба, В. Занҭариа, П. Бебиа, Р. Џьопуа, Б. Гәыргәлиа, В. Амаршьан, Кә. Герхелиа, Т. Ҷаниа, С. Кәыҵниа, И. Миқаиа уҳәа егьырҭгьы.
Шәыстатиақәеи шәочеркқәеи рнылоит апериодикатә ҭыжьымҭақәа: ажурнал «Алашара», агазеҭқәа: «Аҧсны», «Еҵәаџьаа», еиуеиҧшым аизгақәа уҳәа. Аурысшәахь еиҭаганы иҭыҵхьеит шәышәҟәқәа: «Рыцарь Аламыса» (Москва), «Михаил Лакербай». (Жизнь и творчество) (Аҟәа), «Хухут Бгажба». Жизнь и творчество (Аҟәа).
Мшаҽнеиԥш, алитератураҭҵаара агәацԥыҳәара змоу, уи зыԥсҭазаароу аҵарауаҩ хатәра шәышәҟәқәа ҭыҵуеит, аԥхьаҩцәагьы рзыԥшуп. Агәабзиара ацны ақәранҵыра ду шәыгымзааит, шьардаамҭа шәыжәлар шәрылагылазааит.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла


