Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала ииуль 27 рзы Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәа абаҳчаҿы (амҳаџьырқәа рбаҟа ааигәара) апоет, ажурналист Саида Делба лгәалашәара аҳаҭыр азы еиҿкаан ахәылҧаз «Сара сыҟоуп, сыгәра жәгозар…» Ари аҽны уи диижьҭеи 60 шықәса ҵит.
Абаҳчаҿы апоет лыхьӡала ишьҭоу ахаҳә аҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит ахәылҧаз аҽалархәразы инеиз, ашәҟәыҩҩцәа реиҧш, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, лҩызцәа, аҧсуа поезиа абзиабаҩцәа. Араҟа игылоу акыр шықәса зхыҵуа аевкалипт-ҵла ииаакәыршаны иубарҭан икнаҳаз абӷьыцқәа, урҭ рҟны уаҧхьон Саида лажәеинраалақәа рҟнытә ацыҧҵәахақәа, иналкааны улаҧш иҵашәон ажәеицааира «Саида Делба – 60», иара убас ацифра 60 ргәылубаауан иаркыз ацәашьқәа. Агәалашәара ахәылҧаз далахәын Саида лашьа Руслан Делба.
Уажәы-уажәы еинааланы инрылаҩуан арахь инаҧхьаз, Аҧсуара даара згәы азыбылуа, алитература иазҿлымҳау, иаҧхьо, акультура амаҵ азызуа, аҧсыуа маҭәала еибыҭаз абырг Борис Қәҭелиа иҧхьарца абжьы. Уи Саида Делба лхатә дунеи уагәыланахалон, лырҿиара уазхьанарҧшуан.
Ахәылҧаз аартуа апоет лыҧсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи дрылацәажәеит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу. Анаҩс Саида дыргәаларшәауа лажәеинраалақәа ирыҧхьеит апоетцәа: Геннади Аламиа, Дмитри Габалиа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Заира Ҭҳаиҵыкә. Иара убас ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵаара аинститут аусзуҩы Алина Ачҧҳа, Аҧсны асахьаҭыхҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа, И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аҧснытәи Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа.
Аҭынхацәа рахьтә – апоет лашьа Руслан Делба иаҳәшьа лгәалашәара иазкны ахәылҧаз еиҿызкаази зҽалазырхәызи зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Ахәылҧаз хиркәшеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу.


