18.10.2019
Ижәлар дрыҧхеит аҧсуа доуҳатә культура, ҷыдала алитература амаҵ азызуаз ашәҟәыҩҩы, СССР-и (1981) Аҧсни, Урыстәылеи (1999) рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы Сергеи Андреи-иҧа Кәыҵниа.
С. Кәыҵниа диит 1935 ш. август 11 рзы Очамчыра араион Аҭара ақыҭан. Аҭаратәи абжьаратәи ашкол даналга, 1955 ш. дҭалеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Аинститут аҟны иреиҳау аҵара анхиркәша, 1960 ш. инаркны 15 шықәса рҵаҩыс аус иуит Аҧсны еиуеиҧшым ашколқәа рҟны. Аҵара-ааӡаратә усуреи ашәҟәыҩҩреи қәҿиарала еилеигӡон. 1976 ш. нахыс ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» аредакторс аусура далагоит, ашьҭахь редактор еиҳабыс диасуеит. 2000-2011 ш.ш. рзы Аҧсны аҵара аминистрра арҵагатә литература аҭыжьра аусбарҭа аредактор хадас дыҟан атәанчара ашҟа диасаанӡа. Дыҟамзар ҟалап аҧсыуа шәҟәыҩҩык, иџьабаа здым, избан акәзар ашәҟәҭыжьра аус иацу акәама-ҵама рацәоуп, акыр шықәсагьы дазааҧсеит.
С. Кәыҵниа раҧхьатәи иажәабжь икьыҧхьит 1958 шықәсазы. Иҩымҭақәа рнылон агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь», ажурнал «Алашара» уҳәа. Ирҿиара ианыҧшуан аҧсуа ибзазара, иҧсҭазаара аганқәа, ҳажәлар ржәы-рҿатә, рҵас-рқьабз. Ироман «Набжьоутәи ахҭысқәа» аҟны акәзар, инарҭбааны иаарҧшуп ашәҟәыҩҩы иҳабла Набжьоу инхоз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан рыҧсҭазаара иацыз ахынҭа-ҩынҭарақәа, Аҧсадгьыл ахьчараан ақәылаҩ иҿагыланы рықәҧараҿы ирыҧгылоз ахьанҭарақәа, изыниоз арыцҳарақәа, аибашьра ирзаанагоз аҧсҭбарақәа, амлакра-ахьҭакра, аха хьаҵра шрықәмыз, Аиааира ишазкыз рылшарақәа зегьы. Аҩымҭаҿы ицәыргоуп аӷа ихаҿра, игыгшәыгра. Ега ус акәзаргьы, аӷа иҿаҧхьа рхы ладмырҟәит Набжьоуаа.
Еиуеиҧшым ашықәсқәа рзы Аҟәа иҭыжьын жәохә инареиҳаны иҩымҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа, урҭ иреиуоуп иажәабжьқәа реизгақәа:«Азҧшра», «Гәында-ԥшӡа», «Амра аныԥхо», «Аԥышәара», «Аӡыхь аҵхра», «Ашҭа ҭбаа», «Абжьынҵ аанда», «Мшыбзиа, сқыҭа!..», «Набжьоутәи ажәабжьқәа», «Аҩны лаша», «Аҿыҭбжьы», «Насыԥ змоу», ароман «Набжьоутәи ахҭысқәа», «Иҩымҭақәа реизга» (х-томкны) уҳәа егьырҭгьы.
С. Кәыҵниа еснагь длахҿыхын, аччаҧшь иҿықәххын, инаиҿцәажәаз аҧсҭазаара игәаирҧхон, инапы злакыз аус агәацҧыҳәара инаҭон. Аӡәы ҳәа иҩызцәа рыгәҭа дгылан, аҩызарагьы ныҟәигон. Абасала, аҧсҭазаараҿы, алитератураҿы имҩашьауа ишьҭа аанижьит. Ашәҟәыҩҩы Сергеи Андреи-иҧа Кәыҵиа ихьӡ хашҭра ақәымкәа аҧсуа шәҟәыҩҩцәа ргәалашәараҿы еснагь иҟазаауеит.
Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла


