11.12.2020
Аурыс ПЕН-центр ахада, апремиа рыҭаразы ажиури ахантәаҩы Евгени Попов адырра злаҟаиҵаз ала, Витали Шариа ианашьоуп Ф.И. Искандер ихьӡ зху алитературатә премиа.
Ашәҟәыҩҩы Бори Евсеев иазгәеиҭеит Витали Шариа апремиа зызиоуз «Ахәыҷра аҵла» аноминациа ҿыц ажәабжь кьаҿ ишазку, Фазиль Искандер даараӡа уи хшыҩзышьҭра шаиҭоз.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алахәыла Витали Шариа иоуз апремиа идаҳныҳәалоит.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә премиа ҩаԥхьа иалкаахо рыҭара мҩаԥысраны иҟоу ҽааны, декабр анҵәамҭаз.


