10.07.2020
Аԥсуа ҵарауаҩ, алитератураҭҵааҩы, афольклорист Владимир Агрба диижьҭеи 85 шықәса ҵит.
Владимир Бабахь-иҧа Агрба диит (10.07.1935) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан (иԥсҭазаара далҵит — 29.03.2020). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (1967), Аҧсны аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (2015), «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьаз аҵарауаҩ СССР-и (1983), Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа (1999) дрылан. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.
А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет далгеит (1959), иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантура (1965). 1959-1961 ш. ш. раан Кәтолтәи актәи абжьаратәи ашкол аҟны дырҵаҩын. Аспирантура ашьҭахь, 1968 ш. аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс дрыдыркылеит Д. И. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи алитературеи, аҭоурыхи ринститут (уажәы Аҧсуаҭҵаара аинститут) аҟны, 1975 ш. нахыс – аҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс, 2012 ш. инаркны – усзуҩы хадас дыҟан.
Иҭҵаарадырратә статиақәеи ишәҟәқәеи рызкуп Д. Гәлиа, Ж. Ачба, Гь.Чачба, С. Ҷанба, М. Лакрба, Кь. Чачхалиа, Б. Шьынқәба, А. Аџьынџьал, М. Миқаиа, Р. Лашәриа, Е. Ажьиба, И. Аҳашба, Гә. Сақаниа, Гә. Кәыҵниа уҳәа егьырҭгьы рырҿиамҭақәа, иара убас алитература-фольклортә еимадарақәа. Истатиақәа кьыҧхьуп ажурнал «Алашара», «Аҧсуа институт Адыррақәа» уҳәа рҟны.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан хазы шәҟәқәаны иҭижьит: Абхазская поэзия и устное народное творчество, Тбилиси, 1971, Ашәҟәыҩҩи жәлар рырҿиамҭеи. Алитера-ҭҵааратә статиақәа. Аҟәа, 1977; Аҧсҭазаареи ахәрыбӷьыци. Алитература-критикатә статиақәа. Аҟәа, 1980; Из истории дореволюционной абхазской литературы. Сухуми, 1988; Р. Лашәриа. Арҿиаратә потреҭ. Аҟәа, 2013; Б. У. Шьынқәба ипоезиеи жәлар рҿаҧыц рҿиамҭеи. Аҟәа, 2014.


