Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ВЛАДИМИР БАСАРИА 85 ШЫҚӘСА ИХЫҴИТ





05. 12. 2019

 

Ашәҟәыҩҩы, адраматург Владимир Константин-иҧа Басариа диит (05.12.1934) Очамчыра арион Кәтол ақыҭа (Қьарақьан аҳабла). Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы (1990) аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи (1997), Аҧсни Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәеи дрылоуп. «Ахьӡ-Аҧша» аорден ахҧатәи аҩаӡара ианашьоуп.

Аҵара иҵон Қьарақьантәи ҧшь-классктәи алагарҭатә школ аҟны, аха раҧхьатәи ашықәс азы иҵысит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа.

Аибашьра ашьҭахь иҵара иациҵар акәхеит қырҭшәала, избанзар аҧсуа школқәа адыркхьан. Қьарақьантәи ашкол, нас Кәтолтәи аа-шықәсатәи ашкол даналга, дҭалоит Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа (далгоит 1957ш.). 1958-1962 шш. рзы А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет дҭан. 1962 ш. нахыс рҵаҩыс аус иуан Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны. Шықәсык ааҵуаны агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аредакциахь диасуеит. Жәибжь шықәса инеиҧынкыланы аус иуан литературатә усзуҩыс (1962-1967), корреспондентс (1967-1972), аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩс (1972-1976), асовет ргылареи, административтә усбарҭақәеи, атауареикәыршареи рыҟәша аиҳабыс (1976-1978). Ашьҭахь аредактор еиҳабыс диасит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәыҭыжьырҭа «Алашара» ашҟа, аамҭак азы аредактор хада инапынҵақәа наигӡон.

Алитературатә ҩымҭақәа раҧҵара далагеит 1950-тәи ашықәсқәа раан, Кәтолтәи ашкол аҟны аҵара аниҵоз. Раҧхьатәи иажәабжь акьыҧхь абеит 1955 шықәсазы.

Иҩымҭақәа рнылон ажурналқәа «Алашара», «Амцабз», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия» «Еҵәаџьаа», еиуеиҧшым аизгақәа. Авторс дрымоуп имаҷымкәа ажәабжьқәеи, аповестқәеи, адраматә ҩымҭақәеи, ароманқәа хәбеи, апублицистикатә ҩымҭақәеи.

Ҩеижәа инареиҳаны апрозеи апублицистикеи еидызкыло ашәҟәқәа ҭижьхьеи: «Аиқәлацәа». Ажәабжьқәа. 1965; «Ақәыҧшра». Аповест. Ажәабжьқәа. 1968; «Агалстук ҟаҧшьқәа». Ажәабжь. 1976; «Анаҟә анхыҵуа». Аповести ажәабжьқәеи. 1977; «Аҵаа аныҧсасиуа». Аповестқәа. 1980; «Раҧхьатәи асы». Аповести ажәабжьқәеи. 1981; «Еҵәаџьаа анылаҟәуа». Ароман. 1983; «Амшәҳәыс-хәмарга». Ахәыҷқәа рзы ажәабжьқәеи аповести. 1984; «Аца ҟаҧшь». Аповестқәеи ажәабжьқәеи. 1986; «Ашьҭақәа». Ароман. 1989; «Ашәаҧшь аҧштәы аҧсахуеит». Апроза. Адрама. 2003; «Иҩымҭақәа реизга». Хә-томкны. Актәи атом. 2006; «Иҩымҭақәа реизга». Ҩ-томкны. Актәи атом. 2009; Аҩбатәи атом. 2010; «Аҧарҧалыкь». Ахәыҷқәа ирызку ажәабжьқәа. 2010; «Чабракаршә». Ахәыҷқәа ирызку апиесақәа. 2013. Урысшәала иҭыҵхьеит (2006) ишәҟәы «Время тяжких испытании».