Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Х-ҚЫҬАК РҞНЫ АМЕМОРИАЛТӘ ӶӘҚӘА ААРТУП





8.04.2026

Ишдыру еиԥш, 2024 ш. Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа диижьҭеи 150 ш. аҵра аиубилеи инамаданы Аԥсны Ахада идҵала Дырмит Гәлиа ишықәс акәны ирылаҳәан. Аиубилеитә усмҩаԥгатәқәа реиҿкааразы Аԥсны Ахада  ихаҭыԥуаҩ ихантәаҩрала иаԥҵаз Аҳәынҭқарратә комиссиа ахь Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла инанашьҭыз ажәалагалақәа ирыхәаԥшны иаднакылаз аӡбамҭақәа иреиуан Д.И. Гәлиа рҵаҩыс аус ахьиуаз ақыҭақәа: Кәтол (1904-1905), Кындыӷ (1905-1908), Тамшь (1908-1912) ршколқәа рҟны имемориалтә ӷәқәа раартра.

Очамчыра араион  Ахадара, лымкаала араион аҵара аҟәша, иара убас ақыҭақәа рхадарақәеи  ршколқәеи рнапхгарақәеи амемориалтә ӷәқәа ркыдҵара аиҿкаара иахаҵгылеит. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дара реимадареи русеицуреи ирыбзоураны зыӡбахә ҳамоу аус, маҷк ихьшәаны  акәзаргьы, инагӡан.

Д.И. Гәлиа иԥсҭазаара даналҵыз амш апрель 7 (1960 ш.) инақәыршәаны амемориалтә ӷәқәа рартра  еиҿкаан.

Кындыӷ ақыҭа ашкол Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақәылаҩцәа ирблит. Аха уи аҭыԥан, Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз афырхацәа рбаҟа ахьгылоу авараҿ – ақыҭа Ахадара ашҭаҿ иргылоу аобелиск аҟны икыдҵоуп Д.И. Гәлиа ашкол аҿы рҵаҩыс аус шиуаз зну амемориалтә ӷәы.

Ақыҭахь имҩахыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу, апоетцәа Гә. Кәыҵниа, Гә. Сақаниа, С. Агындиа, ашәҟәыҩҩы Ҳ. Қәҭарба, Очамчыра араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаа Л. Кәакәсқьыр, Д. Қәычбериа, арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, ақыҭауаа.

Амемориалтә ӷәы аартраан иқәгылеит, Д.И. Гәлиа иԥсҭазареи ирҿиареи ирзаа-ҭгылеит В. Аԥҳазоу, Гә. Кәыҵниа, Ҳ. Қәҭарба. Жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит аҵаҩцәа. Ақыҭа ахьӡала еиқәшәаз иҭабуп ҳәа ралҳәеит ашкол анапхгаҩы М. Алҭеиба.

Анаҩс аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аҭааит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху  Тамшьтәи абжьаратә школ. Аусмҩаԥгатә рҽаладырхәит ашкол  арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Д.И. Гәлиа диижьҭеи 100 ш. аҵра  аиубилеи аназгәарҭоз – 1974 ш. ари ашкол ихьӡ ахҵан. Убри аҟнытә, уи ирыднаҵо рацәоуп  ҳәа иахәаԥшуеит.  Ашкол   аҭӡаҿы икыдҵоу Д.И. Гәлиа имемориалтә ӷәы аартраан иқәгылеит ашәҟәыҩҩцәа, ашколхәыҷқәа ракәзар апоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Аҵыхәтәан ашкол анапхгаҩы Е. Зақараиа иҭабуп ҳәа ралҳәеит аусмҩаԥгатә зҽалазырхәыз зегьы.

Уи нахыс  еицыз рымҩа хан Кәтол ақыҭахь. И.А. Коӷониа ихьӡ зху абжьаратә школ аҭӡаҿы икыдҵоу амемориалтә ӷәы иахаршәыз ацаха шкәакәа ахырхит  ашкол аҵаҩцәа.  Аҭоуры ду змоу ашкол Д.И. Гәлиа иԥсҭазаара ахәҭак ахьадҳәалоу даара ҳаҭыр ақәырҵоит Кәтолаа.

Аусмҩаԥгатә аҟны иқәгылеит апоетцәа В. Аԥҳазоу, Гә. Кәыҵниа, ашәҟәыҩҩы Ҳ. Қәҭарба, Очамчыра араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ А.Кәакәасқьыр. Ашкол аҵаҩцәа исахьаркны ирыԥхьеит апоет иажәеинраалақәа.

Аҽны  ашәҟәыҩҩцәа аҭааит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз ргәалашәара иадырганы иргылоу абаҟа, иара убас ашкол ашҭаҿ анышә иамадоу Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы И. Папасқьыри  абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз апоет қәрахьымӡа А. Аџьынџьали рбаҟақәа, минуҭк аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Абасала, аԥсуа литература ашьаҭаркҩы, Аԥсны жәлар рпоет Д.И. Гәлиа иԥсҭазаара иамадоу аҭыԥқәа рҟны амемориалтә ӷәқәа раартра инысымҩа аҭоурых аҟны даҽа даҟьак ала  ихаҭәаахеит.

Д.И. Гәлиа ихьӡ иадҳәалоу, игәалашәара змырӡуа ракәны иаанхаша аԥхьаҟазы иҵегьы  аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵахоит.