Маи 12 рзы Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба диижьҭеи 108 шықәса ҵит.
Иналукааша апоет, апрозаик, аҵарауаҩ-лингвист, афольклорист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Аҧсны жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкартәылеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡареи занашьоу, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи маи жәаҩа рзы 108 шықәса ҵит.
Традициала ишаԥу еиԥш, жәлар рпоет имшира аҽны, Аҟәа, анышә дахьамадоу игылоу абаҟа ашҟа инеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Б. Бигәаа, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Л. Ашәба, Аԥыза-министр В. Делба, уи ихаҭыԥуаа Џь. Нанба, В. Миносиан, Аԥсны Аиҳабыра реилазаара иалоу, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, аҵара-ааӡара знапы алаку, аҿар, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, Б. Шьынқәба иҭынхацәа, уи ипоезиа абзиабаҩцәа. Абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, ажәа азҟаза ду дыргәаладыршәеит.
Б. Шьынқәба игәалашәара аҳаҭыр азы еиҿкааз амитинг аартуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу далацәажәеит жәлар рпоет амилаҭтә литература арҿиараҿы илагала ду, ҷыдала аԥсуа поезиа адунеитә поезиа аҩаӡара аҟынӡа ишхеигалаз. Иҭоурыхтә роман «Ацынҵәарах» акәзар, уи акыр абызшәақәа рахь излеиҭагоу ала, егьырҭ амилаҭқәа идирдырит ибжьаӡыз аубых жәлар рлахьынҵа иацыз ртрагедиа ахьааи агәырҩеи рыла ишҭәу. Иҳаҩсхьоу аҭоурыхтә ӡыблара ажәларқәа анымиаларц ргәырҽаниҵоит, амҩа иаша иазхьаирԥшуеит. Б. Шьынқәба ихьӡ еицакра ақәымкәа ишаанхо иаԥиҵаз иҩымҭақәа рыла, насгьы уи иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи еснагь иҿырԥшыганы ишыҟазаауа еиҵагыло абиԥарақәа рзы.
Анаҩс Б. Шьынқәба ахәшьара ду азҭаз Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа ахантәаҩы В. Занҭариа иҳәеит: «Алитературатә критикцәа Баграт Уасил-иԥа "аԥсуа Пушкин" ҳәа ишьҭоуп. Баграт иаҳзынижьыз арҿиаратә беиара иаҳнаҭоит азин "Баграт Шьынқәба иепоха" ҳәа ҳҳәартә еиԥш. Иара инапы иҵигоз зегьы шедеврхон. Ирҿиарала Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба аԥсуа литература аҩаӡара шьҭихуеит, уи ӡыригоит, ажәеи ахшыҩҵаки арифмеи ргармониа аԥҵо. Шьынқәба ила иалагоит аԥснытәи алитературатә ренессанс. Баграт Шьынқәба аԥсуа поезиа акыр ирбеиеит».
Ажурнал «Алашара» аредактор хада А. Лагәлаа дрыԥхьеит Б. Шьынқәба иажәеинраалақәа. Жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит иара убас Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашкол аҟнытә аҵаҩцәа.
* * *
Ари аҽны Б. Шьынқәба игәалашәара аҳаҭыр азы еиҿкааз аусмҩаԥгатәқәа ирыцҵан И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы. Араҟа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи Амилаҭтә библиотекеи еицымҩаԥыргеит «Шьынқәба иажәеинраалақәа рыԥхьара».
Аусмҩаԥгатә ааиртит Амилаҭтә библиотека аиҳабы Б. Ҷолариа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аԥҳазоу еиқәшәаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, Б. Шьынқәба аԥсуа сахьаркыратә литература аҿиара амҩан иааникыло аҭыԥ ҷыда дазааҭгылауа иазгәеиҭеит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатә есышықәса ишымҩаԥырго, гәҭакысгьы ишрымоу аԥхьаҟазы уи аҵакы арҭбаара – Жәларбжьаратәи афестиваль акәны аиҿкааразы.
Анаҩс жәлар рпоет иажәеинраалақәа ирыԥхьеит аԥсуа поетцәа: Гә. Кәыҵниа, Гә. Сақаниа, В. Занҭариа, А. Лагәлаа, З. Ҭҳаиҵыкә, Д. Габалиа уҳәа егьырҭгьы.
Апоет иажәеинраалақәа исахьаркны ирыԥхьеит иара убас Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратәи ашколи Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратәи ашколи рҵаҩцәа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа.
* * *
Багра Шьынқәба имшира иақәыршәаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаԥыси Б. Шьынқәба ихьӡ зху аԥсуа бызшәа арҿиара афонд еиқәнаршәаз апроект ҿыц аӡыргара. Уи азкуп атехнологиа ҿыцқәа ахрархәарала аԥсышәала абжьы аҭаҩра – ацифровизациа азура. Хәышықәса инареиҳаны ари афонд аус зыднауло апроект арҭбаара шаҭаху иалацәажәеит афонд анапхгаҩы Л. Миқаа, афонд анагӡаратә директор Л. Лагәлаа.
Иреиҳау аҵараиурҭаҿы ирыдыргалаз апроект ахцәажәараан ргәаанагарақәа рҳәеит: афилолгиатә факультет адекан Б. Ҳагәышь, аҵарауаҩ Ҭ. Џьапуа, Аԥсны аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо А. Кәарҷелиа уҳәа егьырҭгьы.


