Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ЗНЫСМҨА ҬБААУ «АЛАШАРА»





23.11.2025

Иҭыҵит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара» изаамҭану ахәбатәи аномер. Ари аҭыжьымҭа ҷыда «Алашара»  70 шықәса ахыҵра аиубилеи иазкуп.

Ажурнал ахьаатуа ацәаҿы иануп еиуеиҧшым ашықәсқәа раан аҭыжьымҭа анапхгаҩцәас иҟаз рфотосахьақәа (М. Аҳашба, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьениа, Гь. Гәыблиа, Н. Кәыҵниа, насгьы 2004 ш. раахыс аредактор хадас иҟоу А. Лагәлаа).

Аҭыжьымҭа аатуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба ажурнал анапхгареи аредакциа аусзуҩцәеи рахь иҟаҵаз адныҳәаларала. Риубилеи рыдырныҳәалоит иара убас  Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа, Аҧсны абыргцәа Рхеидкыла, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет.  «Аредактор хада иажәа» арубрикала икьыҧхьу А. Лагәлаа истатиа «Алашара зхылҵуа ажурнал» аҟны дазааҭгылоит уи знысхьоу амҩа.

«Алашара» аредакциа амаҵ азызуа ажурнал аиубилеи рыдырныҳәалоит ашәҟәыҩҩцәеи, аҵарауааи, ауаажәларратә усзуҩцәеи рахьтә еиуеиҧшым абиҧарақәа рхаҭарнакцәа: Б. Барцыц, Д. Наҷҟьебиа, З. Гындиа, В. (А), Бигәаа, Р. Қапба, Гә. Кәыҵниа, И. Гыцба, С. Ҳаџьым, Д. Габниа, В. Хәырхәмал  уҳәа.

Апоезиа еиднакылоит апоетцәа рабиҧарақәа рхаҭарнакцәа: Д. Гәлиа, Гь. Чачба, И. Коӷониа, Л. Лабахәуа, Л. Кәыҵниа, О. Беигәаа, Қь. Агәмаа, Ш. Ҵәыџьба, Гь. Гәыблиа, А. Џьонуа, А. Лашәриа, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, Ҷ. Џьонуа, И. Ҭарба, Кә. Герхелиа, М. Миқаиа, В. Аҵнариа, В. Ахьиба, В. Анқәаб, Кә. Ломиа, С. Ҭаркьыл, Џь. Тапаӷәуа, Р. Џьопуа, Е. Бебиа, В. Кәаӷәаниа, А. Лагәлаа, Гә. Кәыҵниа, Г. Сақаниа, З. Ҭҳаиҵыкә, И. Ҳаџьымҧҳа, Б. Барцыц, В. Касланӡиа, Г. Аламиа, Д. Чачхалиа, В. Занҭариа, С. Агындиа, В. Аҧҳазоу, Е. Ажьиба, М. Лашәриа, В. Амаршьан, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, Р. Смыр, Т. Ҷаниа, Р. Лашәриа, Т. Аџьба, Н. Ҭарҧҳа, А. Аџьынџьал, Н. Кәыҵниа, З. Кәарҷиа, В. Дауҭиа, Џ. Абыгба, Л. Тәанҧҳа, В. Ҷыҭанаа, С. Делба, И. Аҳашҧҳа, А. Чхамалиа, Д. Габалиа, К. Быҭәба, А. Ажьиба, А. Анқәабҧҳа, А. Гәынба, А. Аҟалӷьба, А. Ҷыҭанаа.

Апроза иаҵанакуеит аномер аҟны зажәабжьқәа анылаз  ашәҟәыҩҩцәа: С. Ҷанба, И. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, М. Лакрба, С. Кәыҵниа, Шь. Аџьынџьал, А. Џьениа, Н. Ҳашыг, А. Возба, Д. Занҭариа, Ш. Ҷкадуа, Џь. Инџьгиа.

Уилиам Шекспир иҩымҭақәа «Генрих V», «Иули Цезар» аҧсшәахь еиҭеигеит А. Занҭариа.

Апублицистика ажанр ала аҭыжьымҭаҿы икьыҧхьуп ашәҟәыҩҩцәа  А. Гогәуеи Д. Наҷҟьебиеи реиҿцәажәара «Уаҵәы уҳәарцаз – иахьа уҳәахьазароуп», Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В. Арӡынба иҟнытә Ҭали Џьапуаҧҳа иазлырхиаз  аиҿцәажәара «Ҳбызшәа  аҧеиҧш – ҳҳәынҭқаррагьы иаҧеиҧшуп».

Ажурнал ҩычоуп еиуеиҧшым ашықәсқәа ирыҵанакуа аҭоурыхтә ҵакы змоу афотосахьақәа рыла.