Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

ЗЫШЬҬА ААНЗЫЖЬЫЗ АРҾИАҨЫ





25. 12. 2019

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала ааигәа Аҧсны жәлар рпоет, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Нели Золотинск-иҧҳа Ҭар-ҧҳа диижьҭеи 85 ш. аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы мҩаҧган Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратәи ашкол аҟны. Уи еицеиҿыркааит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашкол анапхгареи.

Аиубилеитә хәылҧазы ашҟа инеит Н.Ҭар-ҧҳа лгәакьацәа, аҧсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, акультуреи аҟазареи русзуҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ашколхәыҷқәа. Уи рҽаладырхәит Аҧсны аҵара аминистр Адгәыр Какоба, Аҟәа ақалақь Ахадара аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Кан Кәарҷиа, ақалақь аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиба уҳәа егьырҭгьы.

Ахәылҧаз аартуа, еизаз бзиала шәаабеит ҳәа раҳәауа, ашкол адиректор Нонна Ломиа-ҧҳа дазааҭгылеит ашкол аҟны лассы-лассы ишымҩаҧырго еиуеиҧшым аиқәшәарақәа, аха аҧсуа ҳәса рахьтә раҧхьатәи апоет Н. Ҭар-ҧҳа лиубилеи азгәаҭара аҵакы дуны ишахәаҧшуа, насгьы арҵаҩцәа рыбзоурала аҵаҩцәа шазыҟарҵаз, даҩымсит ааӡаратә ҵакы шамоу.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аҧҳазоу ари ахшыҩҵак иацҵауа, иқәгылараан далацәажәеит Н.Ҭар-ҧҳа лиубилеитә рыцхә аҳҭны-қалақь аҧсуа школқәа руак аҟны еицымҩаҧыргарц ашкол анапхгара ианрыдыргала ишадгылаз. Хымҧада, еиҵагыло абиҧарақәа амилаҭтә литература агәыблра рылааӡара акырӡа аҵанакуеит. Арҿиаҩы лхаҭа лакәзар, уи даара дазааҧсахьан. Иазгәеиҭеит апоет лыҧсҭазаареи лырҿиаратә мҩеи аҿар рзы ишҿырҧшыгоу, алитератураҿы лырҿиамҭақәа шьарда шрыҵаркуа, лыхьӡ хашҭра ақәымкәагьы ишаанхо еиҵагыло абиҧарақәа рыҩнуҵҟа.

Н.Ҭар-ҧҳа лырҿиаратә мҩеи луаажәларратә усуреи дырзааҭгылеит анаҩс иқәгылаз Аҧсны аҵара аминистр Адгәыр Какоба, иҳәеит алитература иалалгалаз лҩымҭақәа реиҧш, аҵра амаҵ азызуа рзы даара ихәарҭаны ишахәаҧшуа Н. Ҭар-ҧҳа дназлоу авторцәа еиқәдыршәаз, иахьа ҳтәыла ашколқәа рҟны ахәыҷқәа аҵара зларҵо «Анбан». Апоетцәа Терент Ҷаниа, Геннади Аламиа уҳәа егьырҭгьы аиубилиар илызкыз ргәалашәарақәа рыла иқәгылеит.

Анаҩс еизаз идырбан жәаҩыла ашколхәыҷқәа алархәны аиубилиар лҩымҭақәа рыла еиҿкааз алитературатә-музыкатә композициа. Аҵаҩцәа иаадырҧшит аҟыбаҩ ҷыда шрылоу, рхатәы бызшәа шьахәла ишырдыруа, рыхгьы ишадырхәо. Аиубилеитә хәылҧазы аҟны иқәгылеит иара убас арахь иааҧхьаз аҭыҧҳацәа рансамбль «Гәында», ашәаҳәаҩ Мана.