10.07.2020
Еицырдыруа аҧсуа фольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик, Сергеи Лад-иҧа Зыхәба диижьҭеи (10.07.1936) 84 ш. ҵит. Аҵарауаҩ диит Очамчыра арион Гәыҧ ақыҭан. (Иԥсҭазаара далҵит – 27.12.2014). Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (1999), Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Адыгатәи (Ачерқьестә) Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла (2007), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (1984), Г. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2014, амонографиа «Аҧсуа мифологиа» азы). СССР-и (1981), Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи (2003) Аҧсны ажурналистцәа Реидгылеи рлахәыла. Дыҩуан аҧсышәалеи урысшәалеи.
С. Зыхәба авторс дрымоуп аҧсуа мифологиеи, жәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭеи, аҧсуа-адыга фольклортә еимадарақәеи ирызку ашәҟәқәеи шәкыла астатиақәеи. Жәаба рҟынӡа афольклортә текстқәа рышәҟәқәа ҭижьит. Дырдыруеит иара убас литератураҭҵааҩны, критикны. Иҭижьит аизгақәа жәпакы, ашәҟәқәа, жәабала астатиақәа. Урҭ аҧсуа-аурыс, аҧсуа-адыга, аҧсуа-ақырҭуа литературатә еимадарақәа, амилаҭтә литература апроблемақәа ирызкуп, насгьы Д. Гәлиа, С. Ҷанба, М. Лакрба, Ӡ. Дарсалиа, Б. Шьынқәба, А. Гогәуа, А. Џьениа, К. Ломиа, В. Аҵнариа, М. Лашәриа, Ш. Ҷкадуа, К. Герхелиа, И. Ҭарба, П. Бебиа, Н. Ҳашыг, Н. Ҭарба, В Амаршьан, Б. Ҭыжәба, Ш. Инал-иҧа, Ш. Салаҟаиа, Р. Қапба уҳәа рырҿиамҭақәа.


