06.05.2020
Аҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи азбжа алагамҭазы аԥсуа доуҳатә культура, амилаҭтә литература аҿиара аамҭа ҿыц иананылоз иаццәырҵит 1955 шықәсазы аԥсышәала зҭыжьра хацыркхаз алитература-са¬хьар¬кыратә ауаажәларра-политикатә журнал ҿыц «Алашара». 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны Сталин иаамҭа еиқәаҵәақәа ииасаанӡа ҳажәлар ирхыргаз ахьанҭарақәа рышь¬ҭахь, аамҭа ҿыц ааира иабзоураны, Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиеи уи ицнагаҩцәеи раԥшьгара Аԥсны аиҳабыра анахаҵгыла, аԥсуа литература амаҵ азызуаз рымацара рзы акәымкәа, ҳажәлар зегьы рзы ҳамҭа духеит «Алашара» аҭыҵра иахьалагаз. Ҳәарада, ари аус аӡбра иацхрааит КПСС Ацентр Комитет Апрезидиум иаднакылаз Ақәҵара «Қырҭтәылатәи Акомпартиа Ацентр Комитет аусураҿы иҟаз агхақәа рзы» (10.07.1956). Абри инамаданы есааира аԥсуа жәлар рзинқәа рхьышьҭра иазыхынҳәуан. Амилаҭтә литературагьы ҩаԥхьа аҿиара амҩа ианылеит. «Алашара» ауасхыр азышьҭазҵаз, аиҿкаараҿы зааԥсарақәагьы шьардоу Дырмит Гәлиа инаивагылеит Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Алықьса Џьонуа, Шалуа Инал-иԥа уҳәа егьырҭгьы. Ажурнал раԥхьаӡа редактор хадас иамаз Мушьни Аҳашба инаиркны, ирылдыршаз маҷӡам егьырҭ ашықәсқәа раан уи напхгара азҭоз: Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Алықьса Џьениа, Гьаргь Гублиа, Никәала Кәыҵниа, урҭ ирывагылаз, иара убас 2004 ш. раахыс редактор хадас иамоу Анатоли Лагәлаа, иахьагьы аҭыжьымҭа амаҵ азызуа зегьы.
Ажурнал «Алашара» иабзоуроу рацәоуп аԥсуа сахьаркыратә литература ажанрқәа зегьы рцәыргараҿы, рӡыргараҿы, аԥхьаҩцәа рыларҵәараҿы. Аԥсуа поетцәеи апрозаикцәеи аԥхьаӡа рҩымҭақәа рыманы арахь имҩахыҵуан, ажурнал адаҟьақәа рҟны егьыркьыԥхьуан. Аханатә ари традициа бзианы ишьақәгылеит, иахьауажәраанӡагьы иацҵо иаауеит. Мшаҽнеиԥш, ажурнал аҭыԥ ҷыда ааннакылоит алитератураҿы ахьӡ ҿыцқәа рцәыргараҿы, рхатәы мҩа ранылараҿы, рӡыргараҿы, реиҵааӡара аус аҟны. Актәи аномер инаркны иаԥшьгаз арубрика «Аҿар рыбжьы» алитературахь зшьаҿа еихызгоз аҿар рҩымҭақәа еиднакылеит, иахьагьы ари ахырхарҭала аус ауеит.
Ҳәарас иаҭахузеи, ажурнал «Алашара» ашьақәгылар: аредакциаҿы арҿиаратә аусура аиҿкаареи аҭышәынтәалареи рышықәсқәа ирныԥшуан аԥсуа жәлар зҭагылаз, ирхыргоз ахынҭа-ҩынҭарақәа, жәлар рзинқәа рыхьчаразы амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иамадаз апроцессқәа, ХХ ашә. анҵәамҭеи ХХI ашә. алагамҭеи ирыҵанакуа ашықәсқәа раан ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагылаз аамҭа хлымӡаах убрахь иналаҵаны. Хымԥада, арҭқәа зегьы алитература ажанртә хырхарҭақәа рыҿиара ианымԥшыр ауамызт.
Ишдыру еиԥш, алитература аханатә аԥсуа жәлар рдоуҳатә культура аҿиара иалахәын, еиҵагыло абиԥарақәа аԥсуаҵас реиҵааӡараҿы, рмилаҭтә хдырра ашьҭыхраҿы, иаԥсаны реизҳараҿы, рышьақәгылараҿы мҩанызас ирыман. Урҭ ажурнал «Алашара» адаҟьақәа рҟны аԥхьаҩцәа ирбон алитература ажанрқәа рыҿиашьа, рышьақәгылашьа, есааирагьы рымҽхак шдырҭбаауаз. Арҿиаҩцәа рҩымҭақәа иаадырԥшуан аԥсҭазаара аганқәа зегьы, ажәытә-аҿатә, ҳаамҭазтәи ауаажәларра аҿиашьа. Апоезиеи апрозеи ржанрқәа ирыланагалон зымҽхак ҭбаау асоциал-бзазаратә, асоциал-ԥсихологиатә ҵакы змоу, иара убас аҭоурыхтә, афилософиатә уҳәа аҩымҭа ҟаимаҭқәа. Хьаҳәаԥаҳәада урҭ идырҵабыргуан амилаҭтә сахьаркыратә литература алшарақәа, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәагьы аҿиара амҩа ишану. Ишаԥу еиԥш, ажурнал еснагь ианылоит алитература ажанрқәа зегьы ирыҵанакуа аҩымҭақәа. Иазгәаҭатәуп лассы-лассы ишрызхьаԥшуа алитература уасхырс иамоу жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәагьы.
Амилаҭтә литература аҿиара инаваргыланы еиҿкаахеит егьырҭ абызшәақәа рыла иаԥҵоу адунеи аҟны еицырдыруа апоетцәеи апрозаикцәеи рҩымҭақәа аԥсшәахь реиҭагареи рҭыжьреи. Ажурнал аҟны ауп раԥхьаӡа иахьыркьыԥхьуа аурыси егьырҭ аҳәаанырцәтәи аклассикцәеи рҩымҭақәа реиҭагақәа. Ари аус аҟны рлагала маҷымкәа иҟоуп аԥсуа шәҟәыҩҩцәа. Иаҩстәым иара убас аиҭагара аус ахырхарҭала Кавказ-Нхыҵ ҳаиашьаратә ашьхаруа жәларқәа рмилаҭтә литературақәеи аԥсуа литературеи реигәныҩреи реимадарақәеи рырҿиараҿы ажурнал иахьауажәраанӡа иалнаршахьоу маҷымкәа ишыҟоу. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа ракәзаргьы, егьырҭ абызшәақәа рахь еиҭаганы иҭыҵуеит.
Абжьааԥнеиԥш, ажурнал амаҵ азызуа азхьаԥшуеит алитературеи алите¬ра¬тураҭҵаареи, уи аҟәшақәа имҩаԥырго аусурала аԥхьаҩцәа иднардыруеит алитература аҭагылазаашьа, аҿиара апроцесс амҩаԥысшьа. Акьыԥхь иандырԥшуеит иара убас аҭоурыхтә, аетнографиатә зҵаарақәа, аҟазара уҳәа акультуратә ԥсҭазаара аганқәа маҷымкәа. Абарҭқәа зегьы иаҳдырбоит 65 шықәса зхыҵыз алитература-сахьаркыратә ауаажәларра-политикатә журнал «Алашара», иныҵхәрааз аӡыхь еиԥш, иҭамбаӡо, еихсыӷьра ақәымкәа аԥсуа жәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара ишалахәу, ишахәҭаку, аханатә инанагӡо аус бзиа ала ҳмилаҭтә культура аҿиара ишацхраауа, агәҭа ишгылоу, алшарақәагьы ишрықәгәыӷуа.
Ажурнал «Алашара» аԥҵахеижьҭеи 65 шықәса аҵра гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит аҭыжьымҭа анапхгареи, уи амаҵ азызуеи, аԥхьаҩцәеи зегьы. Иԥшьоу аус ишахәҭоу амаҵ аура еснагь ихьанҭоуп, ауадаҩрақәа ацуп, аха арҿиаҩы изы егьнасыԥуп. Ҳҩызцәа, ҳколлегацәа, аԥсуа доуҳатә культура арҿиара зыԥсҭазаара азызкыз, ламыслагьы иазааԥсо, ақәҿиарақәагьы аазырԥшуа, уажәынахысгьы еиҳау аихьӡарақәа шәзыԥшызааит!
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла


