Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

«АХЬЫРҴӘАҴӘА»





11.08.2020

30 шықәса раҧхьа Аҟәа, ашәҟәҭыжьырҭа «Алашара» иҭнажьит Аҧсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ишәҟәы «Ахьырҵәаҵәа». Уи еиднакылеит аҧсуа жәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәеи ретнографиатә бзазара иадҳәалоу аматериалқәеи. Жәлар рпоезиа иаҵанакуеит, ақьабзтә, аепикатә поезиа, аҭәҳәақәа, аҭоурых-фырхаҵаратә ашәақәа, абзазаратә ашәақәа уҳәа. Жәлар рпроза ажанрқәа: Афырхаҵаратә епос (Нарҭаа, Абрыскьыл), алакәқәеи, амифқәеи, алегендақәеи уҳәа егьырҭгьы.