25.04.2025
Ааигәа Москва, Алитераторцәа рыҩны аҟны имҩаԥысит ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара иҟанаҵаз ацхыраарала аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа реизга «Абхазские рассказы» аӡыргара. Уи абзоуроуп 1999 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаареи ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи. Жәларбжьаратәи ахеидкыла иахьа ахантәаҩыс иамоу И. Коноплианников хаҭала ашәҟәы аҭыжьра дахаҵгылеит. Абасала, фышықәса раԥхьа аҭыжьра иазырхиаз аизга аԥхьаҩцәа ироуит.
Хымԥада, 700 даҟьа иреиҵам аизга Москва урысшәала аҭыҵра хҭыс бзиоуп алитературатә ԥсҭазаараҿы. Аурыс ԥхьаҩцәа рҟынӡа инагоуп ажәабжь ажанр аҟны аԥсуа литература иамоу аихьӡарақәа. Ашәҟәы иаԥхьажәа ацуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор В. Бигәаа.
Ашәҟәы аӡыргарагьы еиҿнакааит ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара.
Аӡыргара ааиртит, иахәҭаз ажәа иҳәеит И. Коноплианников. Анаҩс аҭыжьымҭа ахәшьара бзиа аҭауа иқәгылеит: аҵарауаҩ В. Бигәаа, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор С. Казначеев, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа аҟнытә – К. Ҭаниа, ахеидкыла «Москватәи аԥсуа диаспора» аҟнытә – Д. Барганџьиа, Москва инхо ҳџьынџьуаҩ, ашәҟәыҩҩы В. Делба, Аԥсуа-абаза жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу, аҵарауаҩ Б. Кобахиа, аурыс шәҟәыҩҩцәа: С. Антипов, О. Харламова, С. Усков, С. Берсенев, Л. Черникова, В. Кучер, В. Ериоменко, В. Баидин уҳәа егьырҭгьы.
Иқәгылаз аԥхьаҟагьы аусеицура ишазхиоу азгәаҭауа аԥсуа литературеи Аԥсни рганахьала даара ажәа ҟәандақәа рҳәеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа еиҳау ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит. Аиқәшәара амҩаԥысшьа иазкыз ажәабжь ааицҳаит уи иалахәыз В. Делба.


