Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анапхгареи арҿиаратә еилазаара алахәылацәеи дырԥылеит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Аиқәшәара хықәкыс иаман аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьеи ҳаԥхьаҟазы ари иԥшьоу аус амаҵ азураҿы еиӷьу амҩақәа рыԥшаареи. Ҭаацәашәала агәаанагарақәа реибыҳәарала еиҿкааз аиԥылара еиԥш иҟоу хымԥада ишаҭаху аамҭа ахаҭагьы иҳаҵанаҳәоит. Аилак анапхгара ҿыц ас еиԥш иҟоу амҩа ахьылырхыз иунарбоит ишьақәгылахьоу аԥышәа рхы иархәаны азнеишьа ҿыцқәа рыԥшаара ишашьҭоу.
Аиԥылара аартуа ажәа иҳәеит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу (иара егьымҩаԥигон). Ашьҭахь ажәа ииҭоит Аилак ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа. Уи арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа ирзеиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра иамҩаԥысшьоу, иара убас уи акәша-мыкәша ицәырҵуа ауадаҩрақәа. Аҳәаанырцәтәи аԥсуа диаспорақәеи дареи русеицура аиҿкаашьа, насгьы ԥхьаҟатәи аперспективақәа драҩымсит.
«Амилаҭтә ҵакы змоу азҵаарақәа ируаку аганахьала арҿиаҩцәа ргәаанагара еснагь ихәарҭоуп, аԥхьаҟазы ҳусура аиӷьтәразы ҳхы иаҳархәаша, еиҳа изызхьаԥштәу ҳәа шәгәы иззаанаго ахырхарҭақәа уҳәа ирызкны иҳаҳарц иаҳҭаху рацәоуп. Иаадыруеит ҳинтеллигенциа лымкаала еснагь гәыҵхас ишшәымоу ҳажәлар рԥеиԥш иамадоу амилаҭтә зҵаарақәа. Шәара шәдырреи, шәԥышәеи, шәхатә гәаанагарақәеи акыр иаҳзаԥсоуп», - иҳәеит Аилак ахантәаҩы.
Анаҩсан ргәаанагарақәа рҳәеит ашәҟәыҩҩцәа: Терент Ҷаниа, Анзор Мықәба, Даур Наҷҟьебиа, Анатоли Лагәлаа, Гәында Кәыҵниа, Гәында Сақаниа, Ҳаири Қәҭарба, Валентин Кәаӷәаниа, Дырмит Габалиа уҳәа егьырҭгьы. Иҟоуп иалыркааз ахырхарҭақәа, еиҳа изызхьаԥштәу азҵаарақәа, еиуеиԥшым апроекқәа уҳәа ирызку ражәалагалақәа. Иаҩымсит Аилак имҩаԥнаго аусураҿы еснагь адгылара шарҭало. Аиқәшәара ахьымҩаԥгахаз иҭабуп ҳәа ахырҳәааит.
Аҵыхәтәан Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа иганахьала ашәҟәыҩҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит аиҧылара рҽахьаладырхәыз азы, насгьы иазгәеиҭеит аимадарақәа ишрыцырҵо. Аиқәшәара далахәын ахантәаҩы ицны имҩахыҵыз Аилак аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.



