Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Ажәабжьқәа



ПЛАТОН БЕБИА ИХЬӠ АКАМЫРШӘРАЗЫ

Аҟәа, Аԥсны жәлар рпоет Платон Бебиа дахьынхоз аҩнаҿы иаартуп исахьа зну амемориалтә ӷәы. Уи инапы иҵихит аскульптор ҿа А. Ҷкадуа. Аумҩаԥгатә еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахаҵгыларала.

Анаҩс

АЦҲА АМААКЫРА АНАМОУ

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала Амилаҭтә библиотека алархәны еицымҩаԥыргеит Москва урысшәала иҭыҵыз аизга «Абхазские рассказы» аӡыргара.

Анаҩс

АԤСНЫ ЖӘЛАР РПОЕТ ПЛАТОН БЕБИА ДИИЖЬҬЕИ 90 ШЫҚӘСА ҴИТ

Апоет, апрозаик, апублицист, аиҭагаҩ Платон Хәамҧа-иҧа Бебиа диит (05. 10. 1935) Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, (иԥсҭазаара далҵит — 26. 09. 2021).

Анаҩс

ЗЫМҼХАК ҬБААУ АҴАРАУАҨ ИЗКЫЗ АИУБИЛЕИТӘ ХӘЫЛԤАЗЫ

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥшьгарала И. Г. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы еиҿкаан алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәыла Руслан Хәанеи-иԥа ҚАПБА 90 ш. ихыҵреи ааигәа иҭыҵыз ишәҟәы «Сергеи Кәыҵниа» аӡыргареи ирызкыз ахәылԥаз.

Анаҩс