"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Ааигәа Москва, Алитераторцәа рыҩны аҟны имҩаԥысит ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаара иҟанаҵаз ацхыраарала аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьу аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ражәабжьқәа реизга «Абхазские рассказы» аӡыргара. Уи абзоуроуп 1999 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылақәа жәларбжьаратәи реилазаареи ирыбжьоу аиҩызареи аусеицуреи. Жәларбжьаратәи ахеидкыла иахьа ахантәаҩыс иамоу И. Коноплианников хаҭала ашәҟәы аҭыжьра дахаҵгылеит. Абасала, фышықәса раԥхьа аҭыжьра иазырхиаз аизга аԥхьаҩцәа ироуит.
83 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы Заур Быҭәба. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла гәалсра дула ирыдышшылоит ауацәеи аҭынхацәеи.
2025 шықәса апрель 16 рзы ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы имҩаԥысит аудиожурнал ҿыц аӡыргара, насгьы иреиӷьу акьыԥхь збаз ажәеинраала, ажәабжь, асахьа рыла еиҿкааз аконкурс «Ахәыҷқәа рырҿиара» аҟны иалкаахаз аҳамҭақәа рыҭара.
Жәашықәсала аҭҵаарадырреи аҵара-ааӡара ауси ирзааԥсахьоу алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист Руслан Хәанеи-иҧа Қапба 90 шықәса шәхыҵра аиубилеи гәык-ԥсыкала ишәыдаҳныҳәалоит.