"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Абаҩхатәра злоу аҧсуа поет, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа занашьоу, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Гәында Сергеи-иҧҳа Кәыҵниа ҳарҿиаратә еилазаара ахьӡала шәиубилеи шәыдаҳныҳәалоит, аԥсҭазаараҿы, арҿиара аус аҟны еиҳау аихьӡарақәа шәзыԥшызааит.
Аҧсуа поет, апрозаик, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, СССР-и Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылаз Иван Константин-иҧа Ҭарба диит (21.03.1921) Очамчыра араион Баслахә ақыҭа (иԥсҭазаара далҵит – 29.01.1994). Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан (1971; ароман «Амра ҳара ҳҟны игылоит» азы). Очамчыра ақалақь амҩақәа руак ихьӡ ахуп. Дыҩуан аҧсышәала.
Иҭыҵит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу алитературатә газеҭ «Аамҭа» 2025 шықәсазтәи актәи аномер.
Иҭыжьуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу ахәыҷтәы журнал «Амцабз» 2025 шықәсазтәи актәи аномер.